Иракли Кобахиӡе Баҭым иҟалаз арыцҳара иадҳәаланы адашшылара ҟаиҵеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Баҭым иҟалаз арыцҳара иадҳәаланы адашшылара ҟаиҵеит.
«Баҭым иҟалаз арыцҳара даараӡа сгәы иалсит, ҩыџьа ахәыҷқәа ҭахеит. Амашәыр иахҟьаны зхәыҷқәа зцәыӡыз аҭаацәарақәа зырҭынчша ажәақәа рыҧшаара уадаҩуп.
Қырҭтәыла аиҳабыреи хаҭала сареи ҳахьӡала, гәыкала срыдашшылоит иҭахаз ахәыҷқәа рҭаацәарақәеи руацәеи», — иануп адырраҿы.