Иракли Кобахиӡе  - Ажәлар алхрақәа ҵакыс ирымоу ибзиаӡаны еилыркааит, атәыла аҭынчратә аҿиара иадгылеит, уи азыҳәан ҭабуп ҳәа раҳҳәароуп
Иракли Кобахиӡе  - Ажәлар алхрақәа ҵакыс ирымоу ибзиаӡаны еилыркааит, атәыла аҭынчратә аҿиара иадгылеит, уи азыҳәан ҭабуп ҳәа раҳҳәароуп

«Зеиҧшҟамлац ала зҵакы дууз, ареферендум еиҧшыз апринциптә алхрақәа мҩаҧган, арҭ алхрақәа рҿы аҭынчреи аибашьреи рыбжьара алхра ҟаҵан. Ақырҭуа жәлар абри зегьы ибзиаӡаны еилыркааит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла Актәи аканал адырраҭараҿы.

Кобахиӡе иажәақәа рыла, ажәлар Қырҭтәыла иҭышәынтәалоу аҭынчратә аҿиара иадгылеит.

«Зеиҧшҟамлац ала зҵакы дууз, ареферендум еиҧшыз апринциптә алхрақәа мҩаҧган, арҭ алхрақәа рҿы аҭынчреи аибашьреи рыбжьара алхра ҟаҵан.  Ақырҭуа жәлар алхрақәа ҵакыс ирымоу ибзиаӡаны еилыркааит, убри азоуп алхрақәа рҿы активра здууз. Ҳуааҧсыра  атәыла аҭынчратә аҿиара иадгылеит,  анапхгаратә гәыҧ – «Ақырҭуа гәахәтәы» аполитика иадгылеит,уи азыҳәан ҭабуп ҳәа раҳҳәароуп», — иҳәеит  Иракли Кобахиӡе.