Иракли Кобахиӡе – Азербаиџьани ҳареи аполитикатәи аекономикатәи аусеицура ҕәҕәа ҳабжьоуп, зегьы реиҳа ихадоу - ҳаҧхьаҟа аусеицура арҭбаароуп
Қырҭтәылеи Азербаиџьани, ҳажәларқәа, ашәышықәсарацәалатә аҭоурыхтә аиҩызарала еидҳәалоуп, абри ашьаҭа ҕәҕәа алоуп ҳҳәынҭқаррақәа рстратегиатә партниорра злашьақәгылаз, — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Азербаиџьан ахада Альҳам Алиеви иареи Зугалба аханаҿ еицымҩаҧыргаз апресс-конференциаҿы.
Кобахиӡе ишазгәеиҭаз ала, иара агәра ганы дыҟоуп арҭ аизыҟазаашьақәа ҳаҧхьаҟагьы абасҵәҟьа ишынагӡахо.
«Аҧыза-министр иаҳасабала раҧхьаӡа акәны Азербаиџьан саҭааит, уи сара сзы ҳаҭыр дууп. Абри амаҵзураҭыҧ анааныскылаҵәҟьа Азербаиџьан авизит амҩаҧгара сыӡбеит, уи ҳара ҳзы аҵакы ду аман. Ахада Алиев ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп гәыкала ҳахьидикылаз азыҳәан.
Ахада Алиев ишиҳәаз ала, ҳҳәынҭқаррақәеи ҳажәларқәеи ашәышықәсарацәалатә аҭоурыхтә аиҩызарала еидҳәалоуп, ҳәарада, абри ашьаҭа ҕәҕәа алоуп ҳҳәынҭқаррақәа рпартниорра шышьақәгылаз. Сара агәра ганы сыҟоуп ҳаҧхьаҟа убасҵәҟьа ишынагӡахо.
Иахьа Азербаиџьани ҳареи аполитикатәи аекономикатәи аусеицура ҕәҕәа ҳабжьоуп, ари аганахьала адинамика бзиа ҳамоуп, зегьы реиҳа ихадоу – ҳаҧхьаҟа аусеицура арҭбаароуп.
Даҽазнык иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп аполитикатә партниорра аҵакы ду шамоу. Азербаиџьани, хаҭала ахада Алиеви ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҕәҕәала адгыларазы. Қырҭтәылагьы, еснагь, ҕәҕәала Азербаиџьан ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.
Кобахиӡе иажәақәа рыла, аиҧылараҿы аглобалтә политикатә процессқәеи арегионаҿ имҩаҧысуа ахҭысқәеи ирылацәажәеит.
«Аҭынчреи аҭышәынтәалареи — абри ауп хзыҩзышьҭра ҷыда ззутәу. Ҳтәыла еснагь абри аҩыза апозициа аман. Ҳара еснагь ҳрегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәара ҳазҿлымҳан. Жәаҳәарада, наҟ-наҟгьы ари ахырхарҭала аусура наҳагӡоит», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.