Иракли Кобахиӡе Азербаиџьан Адәныҟатәи аусқәа рминистр диԥылеит
Иракли Кобахиӡе Азербаиџьан Адәныҟатәи аусқәа рминистр диԥылеит
Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Азербаиџьан Адәныҟатәи аусқәа рминистр Џьеиҳун Баирамов диԥылеит.

Аганқәа Қырҭтәылеи Азербаиџьани ирыбжьоу астратегиатә партниорра азҵаара хадақәа ирзааҭгылан, арегион аҟны иҟоу аҭагылазаашьа иахцәажәеит.
Ахшыҩзышьҭра аҭан аекономикатә усеицуреи арегионтә ҵакы змоу апроектқәеи.
Иаҵшьны иазгәаҭан атранзиттәи алогистикатәи фцнкциа арӷәӷәара иазку апроектқәа, урҭ рыбжьара Бақәа-Қарҭ-Ҟарстәи аихамҩеи, Амшыеи Еиқәа аӡаҵантәи акабели, Анаклиатәи апорти рҵакы.