Иракли Кобахиӡе Азербаиџьантәи ареспубликаҿы ивизит хыркәшоуп 
Иракли Кобахиӡе Азербаиџьантәи ареспубликаҿы ивизит хыркәшоуп 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Азербаиџьантәи ареспубликаҿы ивизит хыркәшоуп.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиеви аҧыза-министр Али Асадови дырҧылеит.

Ҩ-тәылак рҧыза-министрцәа рнапхгарала, Қырҭтәылеи Азербаиџьани рекономикатә усеицура аиҳабырабжьаратә комиссиа 10-тәи аилатәара мҩаҧган.

Иракли Кобахиӡе Азербаиџьан ахадеи аҧыза-министри адкылара бзиазы ҭабуп ҳәа раҳәаны, иаҵшьны иазгәеиҭеит ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәа иаҳа рырҭбаара аҵакы.

“Абарҭ аизыҟазаашьақәеи аиҩызареи рырҭбаара ҳара ҳзы зеиҧшҟамлац аҵакы амоуп. Уи ҳара ҳзгьы, Азербаиџьаназгьы астратегиатә аҵакы  амоуп. Ахада Алиев Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари рыдгылареи ақырҭуа-азербаиџьантәи аизыҟазаашьақәа рырҭбаараҿы иҟаиҵаз алагалеи азыҳәан хаҭала ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп,“- иҳәеит аҧыза-министр.