Иракли Кобахиӡе  - Ахыхьчара аусхкы аҧара азоужьҭра аҟәыҵра иазкны Америкеи Евроеидгылеи илахьеиқәҵагоу аӡбара рыдыркылеит, ари аӡбара ҳаизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра иадҳәаланы иҳамаз агәыҕрақәа ирышьашәалам
Иракли Кобахиӡе  - Ахыхьчара аусхкы аҧара азоужьҭра аҟәыҵра иазкны Америкеи Евроеидгылеи илахьеиқәҵагоу аӡбара рыдыркылеит, ари аӡбара ҳаизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра иадҳәаланы иҳамаз агәыҕрақәа ирышьашәалам

Ахыхьчара аусхкы аҧара азоужьҭра аҟәыҵра иазкны Америкеи Евроеидгылеи илахьеиқәҵагоу аӡбара рыдыркылеит, ари аӡбара ҳаизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра иадҳәаланы иҳамаз агәыҕрақәа ирышьашәалам, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, аизыҟазаашьақәа  реиҭахәаҧшра аганахьала ари аӡбара ипродуктивым.

„Ахыхьчара аусхкы аҧара азоужьҭра аҟәыҵра иазкны Америкеи Евроеидгылеи ирыдыркылаз аӡбара сазааҭгылар сҭахуп. Уи илахьеиқәҵагоу аӡбароуп,  избанзар, ари аӡбара ҳаизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра иадҳәаланы иҳамаз агәыҕрақәа ирышьашәалам. Аҵыхәтәантәи 4 шықәса рыла иҟалаз ахҭысқәа иазҧхьагәаҭаны иуҳәозар, аиашаз, арҭ аизыҟазаашьақәа аханатә ирыхәаҧштәуп.  Ақырҭуа аган, ҳаиҳабыра, ҳҳәынҭқарра  аҵыхәанӡа уи иазыхиоуп, ҳара дара рҟынтә иахәҭоу ашьаҿақәа ҳрызҧшуп. Ҳаизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра аганахьала ари аӡбара ипродуктивым. Аха, сара агәыҕра ду сымоуп ҳаҧхьаҟа, Америкеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра иацхрааша апрогмативтә, арационалтә, ииашоу ашьаҿақәа ҟарҵап ҳәа. Абри аҩыза ашьаҿақәа роуп Америкеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рырҽеира иацхраауа, ҳара уи ҳазыхиоуп,“- иҳәеит аҧыза-министр.