Иракли Кобахиӡе - Аусурҭадара аҭоурыхтә минимум аҿы иҟоуп, иалукааша аекономикатә азҳара ҳамоуп, ари арегион мацара акәым, Европа атәылақәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанаҳкылоит
Иракли Кобахиӡе - Аусурҭадара аҭоурыхтә минимум аҿы иҟоуп, иалукааша аекономикатә азҳара ҳамоуп, ари арегион мацара акәым, Европа атәылақәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанаҳкылоит

Қырҭтәыла иалукааша аекономикатә азҳара иҟоуп, ари арегион мацара акәым, Европа атәылақәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанаҳкылоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе аиҳабыра реилатәара аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәарыла, мышқәак раԥхьа Астатистиказы амилаҭтә маҵзура аусурҭадара адыррақәа аланарҵәеит.

“Ишыжәдыруа ала, аҩбатәи аквартал адыррақәа рыла, аусурҭадара аҭоурыхтә минимум аҿы иҟоуп, ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа аасҭа, 3.1% рыла еиҵхан, 13.7% иаҟарахеит, ҵыԥх ари арбага 16.7% иаҟаран. Қьырала аус зуа ауаа рхыԥхьаӡара 19.1 нызқьҩык рыла иазҳан, 935.8 нызқьҩык иаҟарахеит, рхала аус зуа ауаа рхыԥхьаӡара 41.3 нызқьҩык рыла иазҳан, 451.5 нызқьҩык иаҟарахеит.  Иалукааша аекономикатә азҳара ҳамоуп, ари арегион мацара акәым, Европа атәылақәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанаҳкылоит”, – иҳәеит аԥыза-министр.