Иракли Кобахиӡе - Ауаа рыргәаҟреи Европеи, аибашьреи Европеи, аколлективтә „Амилаҭтә ҵысреи“ Европеи акоуп ҳәа згәы иаанаго ауаа изакәызаалак ак ала европатәи апринципқәа ирыдҳәалам
Ауаа рыргәаҟреи Европеи, аибашьреи Европеи, аколлективтә „Амилаҭтә ҵысреи“ Европеи акоуп ҳәа згәы иаанаго ауаа изакәызаалак ак ала европатәи апринципқәа ирыдҳәалам, – иҳәеит „Ақырҭуа гәахәтәы“ алхратә штаб анапхгаҩы, аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Ахалцихе алхраҧхьатәи аиҧылараҿы данықәгылоз.
Кобахиӡе ишиҳәаз ала, арадикалтә оппозициеи урҭ рнапхгаҩцәеи рҳәамҭала, аколлективтә „Амилаҭтә ҵысра“ анапхгарахьы ихынҳәыр, убасҟан мацароуп Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш ианынагӡахо.
„Дара ишырҳәо ала, атәылаҿ авторитаризми, ауаа рышьреи, абаандаҩцәа рыла иҭәу абахҭақәеи, абизнес арекети, ателееилахәырақәа рымпыҵахалареи еиҭаҟалап, убасҟан мацароуп Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш ианынагӡахо. Дара ражәақәа рыла, атәылашҟа аиабшьреи абгареи ихынҳәыр, убасҟан ауп европатәи аҧеиҧш ианҳауа. Арҭ ауаа аҳәаанырцәынтә ироуа адҵа анагӡара мацароуп ирҭаху, атәылаҿ аилаҩынтәра аиҿкаареи аҩбатәи афронт аартреи иазҿлымҳауп. Ақырҭуа жәлар уи изақәшаҳаҭхом. Жьҭраара 26 рзы ақырҭуа жәлар аибашьреи аилаҩынтәреи апартиа иахәҭоу аҭак арҭоит. Жьҭаара 26 рзы аҭынчреи, аҳаҭыри, мышхәыбзазареи аиааира ргоит“ – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.