Иракли Кобахиӡе - Атәылахьчаразы аԥара азоушьҭра аанкылара иазкны ЕАШ-и Евроеидгылеи ирыдыркылаз аӡбара хьаас иҳамоуп, избан акәзар ҳаизыҟазаашьақәа реиҭаҿакра иадҳәаланы иҳамаз азыԥшрақәа ирышьашәалам

“Атәылахьчаразы аԥара азоушьҭра аанкылара иазкны ЕАШ-и Евроеидгылеи ирыдыркылаз аӡбара хьаас иҳамоуп, избан акәзар ҳаизыҟазаашьақәа реиҭаҿакра иадҳәаланы иҳамаз азыԥшрақәа ирышьашәалам”, — иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе иахьатәи аиҳабыра реилатәараҿы.

Кобахиӡе иажәақәа рыла, арҭ аизыҟазаашьақәа аиҭашьақәыргылара аҭахуп, уи ақырҭуа ган ари иазхиоуп.

“Атәылахьчаразы аԥара азоушьҭра аанкылара иазкны ЕАШ-и Евроеидгылеи ирыдыркылаз аӡбара хьаас иҳамоуп, избан акәзар ҳаизыҟазаашьақәа реиҭаҿакра иадҳәаланы иҳамаз азыԥшрақәа ирышьашәалам. Даҽазнык исҳәар сҭахуп, иҳаҩсыз ԥшьышықәса ирылагӡаны иҟалаз аполитикатә хҭысқәа ирыбзоураны, ҳаизыҟазаашьақәа еиҭаҿактәуп. Ақырҭуа ган, аиҳабырагьы, аҳәынҭқарра ари азыхиоуп. Абри еиԥш аӡбарақәа еизыҟазаашьақәа реиҭаҿакра ирԥырхагоуп”, — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.