Иракли Кобахиӡе - Атәылауаҩ цыҧхьаӡа ишәарҭадара зыхьчо, ззанааҭдырра ҳараку, аҭакҧхықәра ду змоу, еснагь аҿиара иаҿу аполициа Қырҭтәыла  аҕәҕәареи ашәарҭадареи еиқәнаршәоит, уи ҳтәыла аҿиаразы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп 
Иракли Кобахиӡе - Атәылауаҩ цыҧхьаӡа ишәарҭадара зыхьчо, ззанааҭдырра ҳараку, аҭакҧхықәра ду змоу, еснагь аҿиара иаҿу аполициа Қырҭтәыла  аҕәҕәареи ашәарҭадареи еиқәнаршәоит, уи ҳтәыла аҿиаразы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп 

Атәылауаҩ цыҧхьаӡа ишәарҭадара зыхьчо, ззанааҭдырра ҳараку, аҭакҧхықәра ду змоу, еснагь аҿиара иаҿу аполициа Қырҭтәыла  аҕәҕәареи ашәарҭадареи еиқәнаршәоит, уи ҳтәыла аҿиаразы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп, –  иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Аполициа амш инамаданы имҩаҧгаз агәырҕьаратә усмҩаҧгатә аҿы данықәгылоз. 

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, иахьа аполициа иамоу ахьӡи, агәрагара ҷыдеи, аҳаҭыри – зҵакы дуу ауаажәларратә аихьӡароуп. 

„Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, аминистрра анапхгара, ҳгәы зыздуу аполицаицәа, аминистрра аусзуҩцәа зегьы гәахәарыла ирыдысныҳәалоит рзанааҭтә амш.  Атәылауаҩ цыҧхьаӡа ишәарҭадара зыхьчо, ззанааҭдырра ҳараку, аҭакҧхықәра ду змоу, еснагь аҿиара иаҿу аполициа Қырҭтәыла  аҕәҕәареи ашәарҭадареи еиқәнаршәоит, уи ҳтәыла аҿиаразы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы имҩаҧгаз ареформақәа рыбзоурала, шәара шәџьабааи шәинтузиазми рыла, ақырҭуа полициа иреиҳаӡоу астандартқәа ирышьашәалоу ҳаамҭазтәи институциас ишьақәгылеит.  Иахьа аполициа иамоу ахьӡи, агәрагара ҷыдеи, аҳаҭыри – зҵакы дуу ауаажәларратә аихьӡароуп. Азакәани азинеиҿкаареи ахьчарала, ажәлари атәылеи рызгәыкреи, есымшатәи аџьабаа дуи, лассы-лассы ахатә ҧсҭазаара ашәарҭара иҭаргыланы егьырҭ ршәарҭадара аиҷаҳареи ала, шәара, хәы змам аус нашәыгӡоит ҳажәлар ршәарҭадареи ҳаҧсадгьыл мышхәыбзазареи аиқәыршәаразы. Даӡәымкәа шәколлегацәеи шәҩызцәеи егьырҭ ауаа реиқәырхарааан иҭахеит. Иахьа, ҳара ҳазынтәгьы, даҽазнык ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәоит амаҵзуратә ҧхықәрақәа рынагӡараан иҭахаз ҳполицаицәа фырхацәа“, –  иҳәеит Иракли Кобахиӡе.