Иракли Кобахиӡе  - Атәыла еиҵахозар, уи акандидат астатус ахәҭам, аха, ҳгәы ишаанаго ала,  Саломе Зурабишвили лхаҭа деиҵахеит, лара лхаҭа Евроеидгыла алаларазы астатус ҳанашьара иаҿагыло акампаниа мҩаҧылгоит
Иракли Кобахиӡе  - Атәыла еиҵахозар, уи акандидат астатус ахәҭам, аха, ҳгәы ишаанаго ала,  Саломе Зурабишвили лхаҭа деиҵахеит, лара лхаҭа Евроеидгыла алаларазы астатус ҳанашьара иаҿагыло акампаниа мҩаҧылгоит

Иракли Кобахиӡе  – Атәыла еиҵахозар, уи акандидат астатус ахәҭам, аха, ҳгәы ишаанаго ала,  Саломе Зурабишвили лхаҭа деиҵахеит, лара лхаҭа Евроеидгыла алаларазы астатус ҳанашьара иаҿагыло акампаниа мҩаҧылгоит

«Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Саломе Зурабишвили лхаҭа Евроеидгыла алаларазы астатус ҳанашьара иаҿагыло акампаниа мҩаҧылгоит. Ҳтәыла еиҵахеит ҳәа аҳәамҭақәа ҟалҵоит», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Иракли Кобахиӡе.

Кобахиӡе иацы Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили иҟалҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит. Иацтәи абрифинг аҿы Зурабишвили илҳәеит: «Иахьа апарламент аҿы исаҳаз зегьы сгәы ҧнажәоит. Бриуссельҟа даҽа шьҭымҭак дәықәысҵар сҭахуп –  иацы иаабаз  акәӡам Қырҭтәыла захьӡу, уи ақырҭуа жәлар рҭаххара акәӡам».

Иракли  Кобахиӡе ишиҳәаз ала, Саломе Зурабишвили лхатә риторикала Саломе Самадашвили лыҩаӡаранҟа длаҟәит.

«Атәыла еиҵахозар, уи акандидат астатус ахәҭам, аха, ҳгәы ишаанаго ала,  Саломе Зурабишвили лхаҭа деиҵахеит, лара лхаҭа Евроеидгыла алаларазы астатус ҳанашьара иаҿагыло акампаниа мҩаҧылгоит. Саломе Зурабишвили лхатә риторикала Саломе Самадашвили лыҩаӡаранҟа длаҟәит», — иҳәеит  Иракли Кобахиӡе.