Иракли Кобахиӡе - Атәыла анапхгареи абизнеси рыбжьара аимадара ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп, уи атәыла аҿиара иацхраауеит
Иракли Кобахиӡе - Атәыла анапхгареи абизнеси рыбжьара аимадара ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп, уи атәыла аҿиара иацхраауеит

Излауа ала цқьа ҳазхәыцны, аӡбарақәа иаша ҳадаҳкыларц азыҳәан, атәыла анапхгареи абизнеси рыбжьара аимадара ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп, уи атәыла аҿиара иацхраауеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Абизнесассоциациа аконференциа аҿы данықәгылоз. 

Аиҳабыра рнапхгаҩы аекономикатә азҳара дазааҭгылан, ишазгәеиҭаз ала, Қырҭәтыла аиҳабыразы ахадаратә ҵакы змоу аҳасабтәқәа иреиуп аекономикатә аҿиара аласра ахьчара, уи азыҳәан аҭагылазаашьақәа зегьы иҟоуп.  

„Аекономикеи абизнеси рҿиара ҳмилаҭтә проблемақәа рҭыҧқәҵареи, аусурҭадареи аҕарреи раҧыхреи, ауаа аусурҭа аҧшаараҿы рыцхраареи  азы иреиҕьу мҩоуп. Ҳәарада, наҟ-наҟгьы абри аҩыза аимадара анагӡара ҳазыхиоуп. Абизнес аҟны аизыҟазаашьақәа рзы еснагь ҳахиоуп, иарбанзаалак азҵаара ҳахәаҧшуеит. Атәылаҿ абизнеси аекономикеи рҿиаразы ахадаратә ҵакы змоу 3 факторк иҟоуп. Раҧхьа иргыланы, уи атәылаҿ аекономикатә политика иаша иҟазароуп, аҩбатәи  – абизнес ахақәиҭра, ахҧатәи  – атәылаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи. Абарҭ афакторқәа рыхҧагьы аекономикеи абизнеси рҿиаразы еиҟараны аҵакы рымоуп“, – иҳәеит аҧыза-министр.