Иракли Кобахиӡе - Қырҭтәыла абаҩхатәра ду злоу аҿар рацәоуп; шәбаҩхатәра ахархәара алшара шәымазароуп, уи шәхатә қәҿиара мацараз акәымкәа, раҧхьа иргыланы, ҳтәыла аҿиаразы аҵакы ду амоуп
Қырҭтәыла абаҩхатәра ду злоу аҿар рацәоуп; шәбаҩхатәра ахархәара алшара шәымазароуп, уи шәхатә қәҿиара мацараз акәымкәа, раҧхьа иргыланы, ҳтәыла аҿиаразы аҵакы ду амоуп. Уи ҳтәыла аҿиаразы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Аҵара аминистрра имҩаҧнагоз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз, уаҟа Гьаргь Амилахвари ауааҧсыра ирызцәыригеит аҿартә политика иазку ихәаҧшырақәа.
„Ҳәарада, аҿар алшара ҿыцқәа рзеиқәырәшаразы ахадаратә хархәагоуп аҵара асистема. Ҭагалан ҳуааҧсыра ирызцәыраагоит ҳтәыла аҿиара иазку ҧшьышықәсатәи аплан, уажәы уи аус адулара ҳаҿуп, ари адокументаҿ аҵареи аҿар ирызку азҵаарақәеи хшыҩзышьҭра ҷыда рымазаауеит. Ҳара ҳасабтәс иҳамоуп ҳтәылаҿы жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалоу аҵара аиура еиқәзыршәаша зымҽхак дуу апроектқәа рынагӡара. Ҳгәы ишаанаго ала, ари асистема шьаҭанкыла ирҿыцтәуп, иаҳҳәап, аҳәынҭқарратә университетқәа ринфраструктура, уаҟа астудентцәа аҵара аиура мацара акәымкәа, ринтересқәа рынагӡаразгьы иаҳа алшара рымазароуп. Иара убас, хшыҩзышьҭра ҷыда амазаауеит аспорт аҿиара азҵаарагьы, ҳәарада, аҿар рзы уи аҵакы ҷыда амоуп. Зыӡбахәы ҳәоу апланаҿ зҵакы дуу аҭыҧ ааннакылоит аспорттә инфраструктура аҿиара, аҳҭнықалақь мацараҿ акәымкәа, арегионқәа рҿгьы, ауниверситетқәа ирыдҳәалоу аспорттә инфраструктура арҿиара, ашколқәа рҿы иашьашәалоу аинфраструктура арҿиара. Уигьы ҧшьышықәсатәи ҳплан аҿы зҵакы дуу аҭыҧ ааннакылоит”, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.