Иракли Кобахиӡе - Аҷара аҭагылазаашьа зеиԥшроу еилаҳкааит,  Баҭыми, Қобулеҭии, иара убас, Хелвачаурии зегьы реиҳа апроблемақәа рацәан, аха,  интенсивла имҩаҧгаз аусурақәа рыбзоурала, амҩақәа ирыцқьоуп
Иракли Кобахиӡе - Аҷара аҭагылазаашьа зеиԥшроу еилаҳкааит, Баҭыми, Қобулеҭии, иара убас, Хелвачаурии зегьы реиҳа апроблемақәа рацәан, аха, интенсивла имҩаҧгаз аусурақәа рыбзоурала, амҩақәа ирыцқьоуп

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи атәыла ахада Михаил Ҟавелашвилии Қобулеҭи, асду иахылҵыз апроблемақәа рҭыҧқәаразы еиҿкаау аштаб иаҭааит.  

Аиҳабыра рнапхгаҩы Аҷара иҟоу аҭагылазаашьеи автономтә республика аиҳабыра, ацентртә напхгара рҟны еиқәшаҳаҭны имҩаҧырго аусурақәеи ирызку аинформациа дазыӡырҩит.  

Аҷаратәи автономтә республика аиҳабыра рхантәаҩы Ҭорнике Рижваӡе ишиҳәаз ала, аҧсабаратә рыцҳара алҵшәақәа раҧыхратә усурақәа активла имҩаҧысуеит, Аҷара арегионаҿ аҭагылазаашьа иахылаҧшуеит, административтә акқәа зегьы рахь ицо амҩақәа зегьы ирыцқьоуп, ауаажәларратә транспорт аусура еиҭалагеит, акоммуналтә сервисқәа еиҭашьақәыргылоуп. 

Ишазгәаҭаз ала, ашьхаҳаракыратә Аҷараҿ макьана проблемақәак иҟоуп, аха, административтә акқәа зегьы рахь ицо амҩақәа ррыцқьара иаҿуп, ауаа рҭахрақәа зегьы ирласӡаны рынагӡаразы иаҭаху зегьы ҟарҵоит. 

Аиҳабыра рнапхгаҩы асду иахылҵыз апроблемақәа раҧыхразы оперативла аус зуа Аҷаратәи автономтә республика аиҳабыреи амаҵзурақәа зегьи  ҭабуп ҳәа реиҳәеит.