Иракли Кобахиӡе - Асанкциақәа атәыла иаҿагыло ашантаж аҳасабала рхы иадырхәон, Қырҭтәыла аибашьра аҽаланагалар рҭахын, уи ҟалашьа амам
«Ҳара атәыла арбгара зхылҵыр зылшо шьаҿакгьы ҟаҳҵом», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе.
Кобахиӡе иажәақәа рыла, асанкциақәа атәыла иаҿагыло ашантаж аҳасабала рхы иадырхәон.
«Ари азҵаара интересс иҳамам. Асанкциақәа атәыла иаҿагыло ашантаж аҳасабала рхы иадырхәон. Дара Қырҭтәыла аибашьра аҽаланагалар рҭахын, аха, ҳәажәарада, ҳтәыла арбгара зхылҵыр зылшо шьаҿакгьы ҟаҳҵом. Убри аҟынтә, ари ашантаж ахаангьы алҵшәа ахылҵуам», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.