Иракли Кобахиӡе Архилоскало ақыҭаҿ Лаша Беқаури ихьӡ зху аспорттә комплекс ҿыц ааиртит
Иракли Кобахиӡе Архилоскало ақыҭаҿ Лаша Беқаури ихьӡ зху аспорттә комплекс ҿыц ааиртит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Дедоԥлисҵҟаро амуниципалитет иаҵанакуа Архилоскало ақыҭаҿ Лаша Беқаури ихьӡ зху аспорттә комплекс ҿыц ааиртит.

Иракли Кобахиӡе ҳаамазтәи астандартқәа ирышьашәалоу акомплекси Амуниципалтә аҿиара афонд мҩаԥнагаз аусурақәеи гәеиҭеит.

Акомплекс иазыԥхьагәаҭоуп 100-ҩык ахәаԥшҩцәа рзы, акомплекс аҿы иҟоуп аӡиудои ақәԥареи рзалқәа, афизикатә азыҟаҵаразы афункциарацәа змоу ауада.

Аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә акомплекс аргыларазы иалхын 2 363 980 лари.

Акомплекс аарта аферемониа иалахәын апарламент ахантәаҩы Шьалуа папуашвили, Қарҭ ахада Каха Калаӡе, ачемпион Лаша Беқаурии, анагӡаратәи азакәанԥҵаратәи гнапхгара рхаҭарнакцәа.