Иракли Кобахиӡе - Арезолиуциаҿ авизалиберализациа иазку анҵамҭа, ЛГБТ апропаганда ақәиҭымзаареи Саакашвили ихақәиҭтәреи ирызку анҵамҭақәа реиҧшҵәҟьа, изакәызаалак ҵакык амам
«Арезолиуциаҿ авизалиберализациа иазку анҵамҭа, ЛГБТ апропаганда ақәиҭымзаареи Саакашвили ихақәиҭтәреи ирызку анҵамҭақәа реиҧшҵәҟьа, изакәызаалак ҵакык амам. Абри зегьы акгьы иаҧсам», — иҳәеит аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, авизалиберализациа атәыла анапхгареи ақырҭуа жәлари ирыбзоуроуп.
«Авизалиберализациа – атәыла анапхгареи ақырҭуа жәлари ирыбзоуроуп. Атәыла анапхгареи ақырҭуа жәлари абас, ашантаж бызшәала рацәажәара иахәҭам. Уи ацынхәрас, иаҳҳәап, Америкаҟны авизидатә режим ашьақәыргылара иазхәыцыр ҟалоит. Уи ҳпартниорцәа рҭакҧхықәроуп. Ақырҭуа жәлар ашантаж бызшәала рацәажәара ҟалом, уи ибзианы иубарҭан 2022 шықәсазы, уажәгьы ибзианы иубарҭоуп. Ҳ әарада, аартымзаара иазку аҳәара, ЛГБТ пропаганда ақәшаҳаҭхара иазку аҳәара, Саакашвили ихақәиҭтәра, Биӡина Иванишвили ихьырхәра аҳәара уҳәа, абри зегьы изакәызаалак ҵакык амам, акгьы иаҧсам. Ҳҩызцәа ракәӡам абри зегьы иаҳәо, уи иаҳәоит Европарламент депутатцәақәак, ҳара абарҭ аҳәарақәа наҳагӡом, избанзар, урҭ европатәи апринципқәа ирышьашәалам. Избанзар, абарҭ аҳәарақәеи ашантаж аҽазкреи ҳара ҳзгьы ақырҭуа жәлар рзгьы изыкәызаалак ҵакык рымам», — иҳәеит аҧыза-министр.