Иракли Кобахиӡе арегионқәа рҿы аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа уажәазы имҩаҧысуа апроектқәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи ирызкны драцәажәеит
Иракли Кобахиӡе арегионқәа рҿы аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа уажәазы имҩаҧысуа апроектқәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи ирызкны драцәажәеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе арегионқәа рҿы аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа уажәазы имҩаҧысуа апроектқәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи ирызкны драцәажәеит.

Аԥыза-министр амуниципалитетқәа рхадацәа аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа рҿы аиааира рыдныҳәаланы, ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит. 

Аиҧылараҿы Иракли Кобахиӡе атәыла аҿиара 2026-2035 шықәсқәа рзтәи жәашықәсатәи астратегиеи, уи аус адулара апроцесс аҿы амуниципалитетқәа рылахәызаара ахымҧадареи дазааҭгылеит.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, атәылаҿ имҩаҧысуа апроектқәа зегьы ламысла инагӡатәуп, иара аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәеи амуниципалитетқәа рхадацәеи ари апроцесс ҕәҕәала ахылаҧшра рыдиҵеит.