Иракли Кобахиӡе - Арадикалтә оппозициаа уажәы амчыларатә акциақәак мҩаҧыргар еиҕьуп, Қырҭтәыла арадикализациеи аполиаризациеи иарку агежь аҩныҵҟа иаанхар аасҭа
Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи иашьашәалоу амедиахархәагақәеи аартымзаара рхы иадырхәоит ақырҭуа аҳәынҭқарраеи ажәлари ринтересқәа ирҿагылоу аусқәа рымҩаҧгразы, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз апрессконференциаҿы.
Иара иажәақәа рыла, арадикалтә партиақәеи, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи, амедиахархәагақәеи хышықәса рыҩныҵҟа ари атәыла аҧсеивгарак арымҭеит.
„Инеизакны иуҳәозар, арадикалтә партиақәеи, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи, амедиахархәагақәеи хышықәса рыҩныҵҟа ари атәыла аҧсеивгарак арымҭеит. Аха, уезгьы, 2021-23 шықәсқәа рзы Қырҭтәыла аноминалтә економика адоллар аҿы ҩынтә иазҳаит. Аха, ареволиуциатә аҽазкрақәа ракәымзҭгьы, Қырҭтәыла аекономика 5 миллиард адоллар ала иаҳа иазҳауан, аҳәынҭқарратә биуџьет есышықәса миллиардк адоллар еиҳаны аиуан, уи абзоурала, аҳәынҭқарратә программақәеи апроектқәеи иаҳа рырҭбааразы алшара ҳауан. Убри аҟынтә, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа раартымзаара амшала Қырҭтәыла аҳәынҭқарра аполиткиатә проблема мацара акәӡам иазцәырҵуа, урҭ аекономика аҿиареи абиуџьет азҳареи даараӡа иаҧырхагоуп. Насгьы, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи иашьашәалоу амедиахархәагақәеи аартымзаара рхы иадырхәоит ақырҭуа аҳәынҭқарреи ажәлари ринтересқәа ирҿагылоу аусқәа рымҩаҧгразы. Лымкаала – арҩышьыгақәа рпропаганда, ЛГБТ апропаганда, аиашахаҵаратә уахәама ажәылара, арелигиатә сахьала аполитикатә интервенциа, аполитикатә институтқәа рырҧсыҽра аҽазкра, астратегиатә економикатә проектқәа рымҩаҧгара аҧырхагахара уҳәа, убас егьырҭгьы. Арадикалтә оппозициаа уажәы амчыларатә акциақәак мҩаҧыргар еиҕьуп, Қырҭтәыла арадикализациеи аполиаризациеи иарку агежь аҩныҵҟа иаанхар аасҭа. Ҳара, атәыла аиҳабыра, атәыла анапхгара аҭаразы амандат ҳазҭаз ақырҭуа жәлар рҿаҧхьа абри зегьы аҧыхразы аҭак ҳаҧхықәуп. Убри адагьы, ишысҳәаз еиҧш, абарҭ амшқәа рзы арадикалтә политикатә аиҵара жьҭаара анҵәамҭанӡа ирыхьчашаз амчыларатә ресурс аныхра иаҿуп, уи алхрақәа рзы идырмазеиз ареволиуциатә сценари апревенциа ибзиаӡаны еиқәнаршәоит“, – иҳәеит аҧыза-министр.