Иракли Кобахиӡе – Арадикалтә оппозициа рмандатқәа мап рцәыркыр бзиан, уи адеполиаризациа иазку абжьагара нагӡараҿы иҟарҵар ирылшо алагала заҵәуп
Апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Ираклия Кобахиӡе иҳәамҭала, арадикалтә оппозициа рмандатқәа мап рцәыркыр бзиан. Иара иажәақәа рыла абри ашьаҿала дара адеполиаризациа иазку абжьагара нагӡараҿы алагала ҟарҵар рылшоит.
Кобахиӡе ишиҳәаз ала, излауа ала ирацәаны арадикалцәа апарламент иалҵыр бзиоуп.
«Арадикалтә оппозициа рмандатқәа мап рцәыркыр бзиан. Уи апарламент аҿы арадикализми аполиаризациеи армаҷра иацхраауеит, иара убас, атәылаҿы адеполиаризациа иацхраауеит. Евроеидгыла адеполиаризациа ҳабжьанагеит, аха, «Амилаҭтә ҵысра» ари абжьагара нарымгӡеит. Дара адеполиаризациа изацхраауам, убри аҟынтә, рмандатқәа мап рцәыркыр еиҕьын. Излауа ала ирацәаны арадикалцәа апарламент иалҵыр бзиоуп», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.