Иракли Кобахиӡе - Ақырҭуа иҳәынҭқарратәым еиҿкаарақәа рзы аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә афинансркра аиуа агранттә программа аԥҵара иазку аӡбара ҳадаҳкылеит
Ақырҭуа иҳәынҭқарратәым еиҿкаарақәа рзы Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә афинансркра аиуа агранттә программа аԥҵара иазку аӡбара ҳадаҳкылеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе иахьа имҩаԥгаз абрифинг аҿы.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, ихыркәшеит “Атәым нырра аартызаара иазку” азакәан ала иазыԥхьагәаҭоуп ареестр аҿы иҳәынҭқарратәым еиҿкаарақәа рҭаҩра апроцесс.
“Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра 450 иреиҳаны иҳәынҭқарратәым еиҿкаарақәа иадҵаалт. Арҭ еиҿкаарақәа иҭабуп ҳәа расҳәоит атәылауаҩратә ҭакԥхықәра ахьаадырԥшыз азы. Ари афакт шьақәнарӷәӷәоит атәым финансркра аиура иҽеим атәым интересқәа рынагӡара, рымҩаԥгара шаанамго. Арегистрациа иахымсит атәым нырра мҩаԥызго еиҿкаарақәа”, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.
Ари зегьы иазыԥхьагәаҭаны, ақырҭуа иҳәынҭқарратәым еиҿкаарақәа рзы аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә афинансркра аиуа агранттә программа аԥҵара иазку аӡбара ҳадаҳкылеит, – иеит аыза-министр.