Иракли Кобахиӡе - "Ақырҭуа гәахәтәы" аполитикатә гәыԥ аӡбара аднакылеит 2024 шықәса инаркны аелектронтә хархәагақәа рыла алхыҩцәа рҭаҩрреи абжьыҭиреи рҵасқәа аларҵәара иазкны
“Ақырҭуа гәахәтәы” аполитикатә гәыԥ ааӡбара аднакылеит 2024 шықәса инаркны аелектронтә хархәагақәа рыла алхыҩцәа ррегистрациеи абжьыҭиреи рҵасқәа аларҵәара иазкны, – ари атәы ааицҳаит “Ақырҭуа гәахәҭәы” ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.
Кобахиӡе иажәақәа рыла, анапхгара Евроеидгыла шьақәнаргылаз 12 пункт рыла ишьақәгылоу аплан активла аус аднаулоит, арҭ апунктқәа иреиуоуп “Қырҭтәыла алхратә закәанеидкыла” аиҭахәаԥшра.
“Иашьашәалоу ареформа анагӡаразы апарламент аҿы Гиви Миқанаӡе дызхагылоу аусуратә гәыԥ еиҿкаауп. Хара имагкәа ари агәыԥ цәырнагоит азакәанпроектқәа рпакет, уи шьаҭас амазауеит Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи аиҿкаара арекоменадциақәа.
Ажәалагалақәа рыхәҭа алхратә процесс аан аелектронтә технологиақәа рхархәара иадҳәалоуп.
Ҵыԥх абжьыҭира аелектронтә процедура Крҵанистәи араион аҿы мҩаԥган», — иҳәеит Кобахиӡе.
“Ақырҭуа гәахәҭәы” ахантәаҩы иажәақәа рыла, аԥшьгара азакәанпроект асахьа арҭ амшқәа рзы аиуеит.