Иракли Кобахиӡе – Ақырҭуа амшынуаа рыбзоурала, Қырҭтәыла, Амшын еиқәа арегионаҿ аҧхьагылара змоу тәылас иҟалеит, аҕбаргылара аиндустриаҿгьы ақырҭуа бираҟ ахьӡ иаҳа ишьҭыҵит
«Қырҭтәыла иҭышәынтәалоу аекономикатә аҿиареи ҳтәыла арҕәҕәареи азы аҕбаргылареи ҳамшынуааи ауникалтә ҵакы рымоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Амшынуаа жәларбжьаратәи рымш инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.
Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра, амшынуаа рыдгылареи, амшынтә усхкы аҿиареи арҕәҕәареи, амшынтә усхкы ашәарҭадара аиқәыршәареи азы имаҷымкәа ашьаҿақәа ҟарҵеит.
«Ари апроцесс инагӡоит. Хара имгакәа, ҧхынгәы 1 инаркны, «Амшынуаа рџьаус иазку» азакәан амч аиуеит, ари азакәан аџьаустәи асоциалтәи ҭагылазаашьақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа ҳәаақәнаҵоит, аҳәынҭқарра Қырҭтәыла абираҟгьы егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рбиараҟқәагьы рыҵаҟа иӡысуа ҳамшынуаа рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчаразы иаҳа алшара аиуеит.
Ақырҭуа амшынуаа рыбзоурала, Қырҭтәыла, Амшын еиқәа арегионаҿ аҧхьагылара змоу тәылас иҟалеит, аҕбаргылара аиндустриаҿгьы ақырҭуа бираҟ ахьӡ иаҳа ишьҭыҵит», — иҳәеит аҧыза-министр.