Иракли Кобахиӡе - Ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа ирҿыцтәуп, еиҕьтәуп, ҳара уи азыҳәан иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит
«Ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа ирҿыцтәуп, еиҕьтәуп, ҳара уи азыҳәан иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, аганқәа зегьы аизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшреи реиҕьтәреи аҵакы еилкааны, ари ахырхарҭала иахәҭоу ашьаҿақәа ҟарҵап ҳәа дгәыҕуеит.
«Ҳара уи азыҳәан иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит. Зегьы реиҳа ихадоу – даргьы иахәҭоу ашьаҿақәа шыҟарҵо ҳбароуп. Ашантаж абызшәала ианцәажәо бзиам, уи ҳаизыҟазаашьақәа реиҕьтәра иацхраауам. Убри аҟынтә, аганқәа зегьы аизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшреи реиҕьтәреи аҵакы еилкааны, ари ахырхарҭала иахәҭоу ашьаҿақәа ҟарҵап ҳәа сгәыҕуеит. Ибзианы исгәалашәоит, 2018 ма 2019 шықәсазы атәым цхыраара аперспектива иазкыз аконференциа мҩаҧган, ари аперспектива азгәаҭарақәа ацын. Усҟантәи ацҳаражәҳәаҩ Иан Келли усҟан иҳәеит Америка ҳалацәажәозар, азгәаҭарақәа аҵак ду рымам ҳәа, избанзар, Америка бжеиҳарала иҳацхраауан иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рыла. Шәара шәхала шәазхәыц – иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа аҧара рзоужьҭра ҳалацәажәозар, уи цхыраарас исыҧхьаӡом. Егьирахь, амҩақәа ҳрылацәажәозар, амҩақәа аминистрроуп изыргыло, зны-зынла акредитқәа рыла, аха, араҟа америкатә кредитқәа маҷуп. Ақырҭуа ҳәынҭқарра амҩақәа рыргылара иаҿуп ашәахтәқәа рҟынтә еизырго аҧарала. Ҳтәылауаа ашәахтәқәа ршәоит, абарҭ ашәахтәқәа рылоуп атәылаҿы амҩақәа шҳаргыло», — иҳәеит аҧыза-министр.