Иракли Кобахиӡе - Ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа амҩа иаша ианылап ҳәа сгәыҕуеит
«Ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа амҩа иаша нанылап ҳәа сгәыҕуеит. Ианаамҭаз ҧасатәи ацҳаражәҳәаҩ ҳаизыҟазаашьақәа ҧырхага ду рзаалгеит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе.
Кобахиӡе иажәақәа рыла, атәыла анапхгара апартниортә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәаразы иаҭаху зегы ҟарҵоит.
«Апартниортә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵароуп, ҳара уи ҳҭахуп. Уажәтәи ацҳаражәҳәаҩ патуқәҵара лзаасырҧшыр сҭахуп, лара ҧасатәи ацҳаражәҳәаҩ зынӡаскгьы длеиҧшым. Убри аҟынтә, агәыҕра ҳазҭаша ашьаҭа ҳамоуп. Ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа амҩа иаша нанылап ҳәа сгәыҕуеит. Ианаамҭаз ҧасатәи ацҳаражәҳәаҩ ҳаизыҟазаашьақәа ҧырхага ду рзаалгеит,», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.
Кобахиӡе иҳәамҭала, авизатә аҧкрақәа изакәызаалак апрактикатә ҵакык рымам.