Иракли Кобахиӡе - Ақырҭуа Атәылахьчаратә мчқәа ҳтәыла асуверинитети ахьыҧшымреи рыхьчоит, ҳаиҳабыра, иахьанӡа еиҧшҵәҟьа, наҟ-наҟгьы ҳтәылаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи еиқәдыршәоит
Иракли Кобахиӡе - Ақырҭуа Атәылахьчаратә мчқәа ҳтәыла асуверинитети ахьыҧшымреи рыхьчоит, ҳаиҳабыра, иахьанӡа еиҧшҵәҟьа, наҟ-наҟгьы ҳтәылаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи еиқәдыршәоит

 

Ақырҭуа аруаҩ ухьӡазар, уи,  ҳаҭыр дууп, иара убас, аамҭакала, аҭакҧхықәра дуӡӡоуп, ари астатус ҳаҭырла аныҟәгаразы аџьабаа дуи ахмеигӡареи аҭахуп, убри азоуп ақырҭуа жәлар Қырҭтәыла  аруаҩ игәра зырго, ҷыдала бзиа дзырбо, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рышьаҭакра инаркны 34 шықәса аҵра инамаданы Вазиани имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы, агәымшәара ҷыдеи аҧсадгьыл амаҵ ауреи азыҳәан аруаа ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

„Ишәыдысныҳәалоит иахьатәи амш  – Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рышьаҭакра инаркны 34 шықәса аҵра. Иахьатәи амш Қырҭтәыла ҳаамҭазтәи аҭоурыхаҿ аҵакы ҷыда амоуп. Иахьа ҳара, згәыдура дула, ҳхьыҧшымреи ҳсуверинитети ааҳарҧшуеит. Иахьа, шәара ҳшәывагыланы, ҳтәыла аҭынчратә аҧеиҧш лаша иазгәаҳҭоит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа имаҷымкәа ауадаҩрақәа ирхысит. Ажәа шәысҭоит Атәылахьчаратә мчқәа рырҕәҕәареи, ҳтәыла арҿиареи шынаҳагӡо. Ақырҭуа аруаҩ ухьӡазар, уи,  ҳаҭыр дууп, иара убас, аамҭакала, аҭакҧхықәра дуӡӡоуп, ари астатус ҳаҭырла аныҟәгаразы аџьабаа дуи ахмеигӡареи аҭахуп, убри азоуп ақырҭуа жәлар Қырҭтәыла  аруаҩ игәра зырго,ҷыдала бзиа дзырбо. Агәымшәара ҷыдеи аҧсадгьыл амаҵ ауреи азыҳәан шәызынтәгьы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит.

Ҳаруаа рықәҿиарақәа зегьы ахачҳареи, аҕәҕәареи, ақәҧаратә ҟазшьеи ирыбзоуроуп. Қырҭтәыла аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы, зехьынџьара шәаҳаҭыри, шәзанааҭдырреи, шәыхмеигӡареи иазхаҵоуп,“- иҳәеит Иракли Кобахиӡе.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иахьатәи амш ҷыдала ирыдиныҳәалеит Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара азықәҧареи жәларбжьаратәи амиссиақәеи раан иҭахаз аруаа рҭаацәарақәеи арбџьармчқәа рветеранцәеи.

„Ҳфырхацәа хашҭра рықәым, ҳара еснагь ҳаҭыр дула иҳгәалаҳаршәалоит. Ақырҭуа жәлар аҧсадгьыл ахақәҵареи афырхаҵареи аҿырҧштәқәа ахаан ирхашҭуам, ҳара ҳазынтәгьы уи ҳгәы аздууп. Ҳфырхацәа ҳреихырхәоит. Арбџьармчқәа рветеранцәа ҷыдала патуқәҵара рзаасырҧшыр сҭахуп, дара ргәабзиара  аҧсадгьыл амаҵ аура иахҭнырҵеит, аха, иахьагьы ақәҧара иазыхиоуп. Ақырҭуа Атәылахьчаратә мчқәа ҳтәыла асуверинитети ахьыҧшымреи рыхьчоит. Убри азоуп ҳаиҳабыра рзы аҧыжәара змоу ахырхарҭақәа рыгәҭа шәара аҧхьагылара зшәымоу. Агәра ганы сыҟоуп атәыла ахыхьчареи ашәарҭадареи аиқәыршәара аус аҿы иаҳа иҕәҕәоу, иаҳа игәрагоу мчыс шәшыҟало, ҳтәылеи ҳажәлари ргәахәтәқәа  еснагь ишынашәыгӡо. Агәра шәсыргоит ҳаиҳабыра, иахьанӡа еиҧш, наҟ-наҟгьы ҳтәылаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи шеиқәдыршәо. Даҽазнык ишәыдысныҳәалоит иахьатәи амш! Ҳаҧсадгьыл Анцәа дахылаҧшааит!“- иҳәеит аҧыза-министр.

Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рышьаҭакра инаркны 34 шықәса аҵра инамаданы  ауснагӡатә мҩаҧган Вазиани, 4-тәи ашьаҟатә бригада ашҭаҿы.

Ашҭаҿ игылаз хазхаҭалатәи аилазаара Атәылахьчаратә мчқәа рымш рыдырныҳәалеит Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвилии, апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии, авице-аҧыза, атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовании, Атәылахьчаратә мчқәа рнапхгаҩы, аинрал-маиор Гьаргь Маҭиашвилии. Асасцәа ашҭаҿы ицәыргаз Атәылахьчаратә мчқәа ртехникеи аџьаҧҳани рбеит.

Аусмҩаҧгатә иалагаанӡа, Қырҭтәыла аҧыза-министри, атәыла ахадеи, апарламент ахантәаҩи, Қарҭ ахадеи, атәылахьчара аминистри, Атәылахьчаратә мчқәа рнапхгаҩи абригада аҵакырадгьылаҿ иҟоу амемориал аҵан ашәҭқәа шьҭаҵаны, иҭахаз аибашьцәа ҳаҭырла иргәаладыршәеит.