Иракли Кобахиӡе - Ақырҭуа аруаҩ ухьӡазар, уи, ҳаҭыр дууп, иара убас, аамҭакала, аҭакҧхықәра дуӡӡоуп, ари астатус ҳаҭырла аныҟәгаразы аџьабаа дуи ахмеигӡареи аҭахуп
«Ақырҭуа аруаҩ ухьӡазар, уи, ҳаҭыр дууп, иара убас, аамҭакала, аҭакҧхықәра дуӡӡоуп, ари астатус ҳаҭырла аныҟәгаразы аџьабаа дуи ахмеигӡареи аҭахуп. Убри азоуп ақырҭуа жәлар Қырҭтәыла аруаҩ игәра зырго, ҷыдала бзиа дзырбо, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рышьаҭакра инаркны 34 шықәса аҵра инамаданы Вазиани имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы, агәымшәара ҷыдеи аҧсадгьыл амаҵ ауреи азыҳәан аруаа ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Иахьатәи амш Қырҭтәыла ҳаамҭазтәи аҭоурыхаҿ аҵакы ҷыда амоуп. Иахьа ҳара, згәыдура дула, ҳхьыҧшымреи ҳсуверинитети ааҳарҧшуеит. Иахьа, шәара ҳшәывагыланы, ҳтәыла аҭынчратә аҧеиҧш лаша иазгәаҳҭоит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа имаҷымкәа ауадаҩрақәа ирхысит. Ажәа шәысҭоит Атәылахьчаратә мчқәа рырҕәҕәареи, ҳтәыла арҿиареи шынаҳагӡо. Ақырҭуа аруаҩ ухьӡазар, уи, ҳаҭыр дууп, иара убас, аамҭакала, аҭакҧхықәра дуӡӡоуп, ари астатус ҳаҭырла аныҟәгаразы аџьабаа дуи ахмеигӡареи аҭахуп, убри азоуп ақырҭуа жәлар Қырҭтәыла аруаҩ игәра зырго,ҷыдала бзиа дзырбо. Агәымшәара ҷыдеи аҧсадгьыл амаҵ ауреи азыҳәан шәызынтәгьы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит.
Ҳаруаа рықәҿиарақәа зегьы ахачҳареи, аҕәҕәареи, ақәҧаратә ҟазшьеи ирыбзоуроуп. Қырҭтәыла аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы, зехьынџьара шәаҳаҭыри, шәзанааҭдырреи, шәыхмеигӡареи иазхаҵоуп,“- иҳәеит Иракли Кобахиӡе.