Иракли Кобахиӡе -  Аҧсадгьыли, абызшәеи, адини Қырҭтәыла амилаҭтә хаҿсахьа аҧызҵо ахадаратә 3 ашьаҭак роуп
Иракли Кобахиӡе -  Аҧсадгьыли, абызшәеи, адини Қырҭтәыла амилаҭтә хаҿсахьа аҧызҵо ахадаратә 3 ашьаҭак роуп

 

Аҧсадгьыли, абызшәеи, адини IV  ашәышықәса инаркныи, ақьырсианра Қырҭтәыла амилаҭтә религиас ианыҟала инаркны   Қырҭтәыла амилаҭтә хаҿсахьа аҧызҵо ахадаратә 3 ашьаҭак роуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Венгриа,  „Аконсервативтә политикатә ауранагӡара“ аконференциаҿы данықәгылоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала,  ашәышықәсақәа рацәа рыҩныҵҟа  ақырҭуаа, рхы иамеигӡакәа, рыҧсадгьыл ахьчара иазықәҧон.

„Ҭоурыхла, ихәыҷу, аха, ахақәиҭра бзиа избо, ҳтәыла ҧагьа еснагь аимпериақәа рымҩеихысырҭаҿы ишьҭан.    Ашәышықәсақәа рацәа рыҩныҵҟа ақырҭуаа, рхы иамеигӡакәа, рыҧсадгьыл ахьчара иазықәҧон. Ашәышықәсақәа рацәа рыҩныҵҟа, ақырҭуаа, гәыкала рбызшәа рыхьчон. Аҵыхәтәаны,  1978 шықәсазы, ҳанацәеи ҳабацәеи рабиҧара ақырҭуа бызшәа ахьчаразы ҕәҕәала рҽеидыркылеит, усҟан асоветтә напхгара ақырҭуа бызшәа   аҳәынҭқарратә бызшәа астатус  аҧыхра рҽазыркит. Ажәлар реидгылара алҵшәа ахылҵит, асоветтә напхгара ахьаҵра рықәшәеит.

Ҳара, ақырҭуаа, ашәышықәсақәа рацәа рыҩныҵҟа ҳдинхаҵара, ақьырсианра  ахьчара азықәҧара ҳақәшәеит.  Аҭоурых иҳнарҵеит унапаҿы иааугаз ажәлар рмилаҭтә принципқәа рықәхра улымшар,  иарбанзаалак ампыҵахалара аамҭалатәи аҟазшьа шамоу. Убри аҟынтә, ампыҵахалаҩцәа зегьы, раҧхьа иргыланы, ақырҭуа жәлар рдинхаҵара ақәхра рҽазыркуан. Аҵыхәтәаны уи ҟарҵон ауахәамақәа зырбгоз, адинхаҵаҩцәа аныҳәара азин рызымҭоз асоветтә большевикцәа. Аха, Қырҭтәыла,  адинхаҵара ахьчара иазкыз ақәҧарақәа зегьы рҿы аиааира агеит, ақьырсианра ахьчареи аиқәырхареи рылшеит.

Иахьазы ҳтәыла аҿаҧхьа иқәгылоу аҳасабтәқәа ашәышықәсақәа рацәа ирылагӡаны иҟаз аҳасабтәқәа иреиҧшуп. Аха, иахьазы абарҭ апроблемақәа адунеи зегьы проблемас иазыҟалеит, амилаҭ хәыҷқәа реиҧшҵәҟьа, атәыла дуқәеи амилаҭ дуқәеигьы ашәарҭара иҭагылоуп.

Иахьа, алибералцәа  адунеи зехьынџьара атәылақәеи амилаҭқәеи рмилаҭтә принципқәа ашәарҭара иҭадыргылоит. Зегьы реиҳа ашәарҭара иҭагылоуп  алибералтә идеологиа  аларҵәара ҕәҕәа  ахьамоу Европеи Америкеи “, – иҳәеит аҧыза-министр.