Иракли Кобахиӡе – Аҧара рацәа змоу иҳәынҭқарратә аиҿкаарақәа Америка ацҳаражәҳәаҩ ҿыц аизыҟазаашьақәа реиҭаҿиараҿы илҧырхагахар рҭахуп, ацҳаражҳәаҩ ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара иаҧырхагоу ашьаҿақәа ирықәҿылҭып ҳәа ҳгәыҕуеит  
Иракли Кобахиӡе – Аҧара рацәа змоу иҳәынҭқарратә аиҿкаарақәа Америка ацҳаражәҳәаҩ ҿыц аизыҟазаашьақәа реиҭаҿиараҿы илҧырхагахар рҭахуп, ацҳаражҳәаҩ ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара иаҧырхагоу ашьаҿақәа ирықәҿылҭып ҳәа ҳгәыҕуеит  

«Аҧара рацәа змоу иҳәынҭқарратә аиҿкаарақәа Америка ацҳаражәҳәаҩ ҿыц аизыҟазаашьақәа реиҭаҿиараҿы илҧырхагахар рҭахуп», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Иракли Кобахиӡе иахьатәи абрифинг аҿы.

Иара ишиҳәаз ала, ацҳаражәҳәаҩ  Робин Данниган  ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара иаҧырхагоу ашьаҿақәа ирықәҿылҭып ҳәа дгәыҕуеит.

Иракли Кобахиӡе иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәак иаладырҵәаз аҳәамҭа акритика азиуит. Ари аҳәамҭа инақәыршәаны, Қырҭтәыла аиҳабыра америкатә санкциақәа ирықәныҟәом. Кобахиӡе ишиҳәаз ала, ақырҭуа аган изныкымкәа америкатә аган ирыдҵаалахьеит ақырҭуа аӡбаҩцәа рзы, мамзаргьы Ҧарцхалаӡе изы асанкциақәа шьақәзырҕәҕәо ашаҳаҭгақәа цәырыргарц, аха, макьана ашаҳаҭгақәа рмоуӡацт.

«Мчыбжьқәак раҧхьа Қырҭтәыла даҭааит Америка ацҳаражәҳәаҩ ҿыц  Робин Данниган, ҳтәыла анапхгара ахаҭарнакцәа лара илҧылахьеит. Ҳара агәыҕра ду ҳамоуп  Робин Данниган ацҳаражәҳәаҩс лыҟазаара аан ақырҭуа-америкатә астратегиатә партниорра иаҳа иҕәҕәахап ҳәа. Убри аамҭазы, аҧара рацәа змоу иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа рҿы аилибамкаара ҟалар рҭахуп. Робин Данниган  ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара иаҧырхагоу ашьаҿақәа ирықәҿылҭып ҳәа ҳгәыҕуеит. Агәра ганы ҳаҟоуп Робин Данниган ацҳаражәҳәаҩс лыҟазаара аан ақырҭуа-америкатә астратегиатә партниорра иаҳа иҕәҕәахап ҳәа, анапхгаратә гәыҧ уи азыҳәан ирылшо зегьы ҟарҵоит», — иҳәеит  Кобахиӡе.