Иракли Кобахиӡе апарламентаҿ шықәсыктәи аҳасабырба цәыригоит рашәара 28 рзы
Иракли Кобахиӡе апарламентаҿ шықәсыктәи аҳасабырба цәыригоит рашәара 28 рзы

Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Кобахиӡе рашәара  28 рзы апарламентаҿ шықәсыктәи аҳасабырба цәыригоит.

Ари аӡбара рыдыркылеит абиуро иахьатәи аилатәараҿы.

«Апарламенти аиҳабыреи рыбжьара аконсультациақәа мҩаҧган. Дара аиҳабыра рнапхгаҩы апарламентаҿ рашәара  28 рзы дықәгыларц аҳәара ҟарҵеит. Ҳаргьы ари арыцхә ҳақәшаҳаҭхеит», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент актәи авице-спикер Гиа Вольски.