Иракли Кобахиӡе  - Аоппозициаа иҟарҵо аритуал еиҧшхеит,  300ҩык рыла акциа мҩаҧганы,  сааҭк ҳәа амҩа  адыркуеит, есымша жәанызқь лари абиуџьет иаларҵоит, уи азыҳәан ҭабуп ҳәа раҳәатәуп
Иракли Кобахиӡе  - Аоппозициаа иҟарҵо аритуал еиҧшхеит,  300ҩык рыла акциа мҩаҧганы,  сааҭк ҳәа амҩа  адыркуеит, есымша жәанызқь лари абиуџьет иаларҵоит, уи азыҳәан ҭабуп ҳәа раҳәатәуп

Аоппозициаа иҟарҵо аритуал еиҧшхеит,  300ҩык рыла акциа мҩаҧганы,  сааҭк ала амҩа  адыркуеит, нас аҩныҟа ихынҳәуеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе адырраҭара  “Имеди LIVE” аҿы.

Иара иажәақәа рыла, дара рхала ицаны, жәанызқьла лари абиуџьет иаларҵоит.

„Дара рхала ицаны, абиуџьет хадырҭәаауеит, есымша жәанызқьла лари абиуџьет иаларҵоит, уи азыҳәан ҭабуп ҳәа раҳәатәуп. Апартиақәа ҳрылацәажәозар, урҭ зынӡаск иубарҭам. Аҭагылазаашьа зеиҧшроу ҳбоит. Реизыҟазаашьақәа цәгьоуп, апартиақәа рыҩныҵҟагьы рҳәатәы еиқәшәом,“- иҳәеит аиҳабыра рнапахгаҩы.