Иракли Кобахиӡе - Аоппозициаа Биӡина Иавнишвили ихьӡ рымҳәарц мышкгьы рылшом,  ашәара рылалеит
Иракли Кобахиӡе - Аоппозициаа Биӡина Иавнишвили ихьӡ рымҳәарц мышкгьы рылшом, ашәара рылалеит

«Аоппозициаа руанҭа аҿаукыр, шьыжь инаркны Биӡина Иванишвили ихьӡи ижәлеи уаҳауеит, ари иаанаго акоуп – ашәара рылалеит», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡ ателекеилахәыра «Имеди» аефир аҿы.

Кобахиӡе иажәақәа рыла, Биӡина Иванишивли аполитикахь ихынҳәра иахҟьаны, аоппозициаа ргәы ҟаҳаит.

«Аполитикаҿ Бидзин Иванишвили ицәырҵра ашьҭахь авторитартә мчра аԥсахра илшеит. Шықәсык ала акгьы ахаан иҟаимҵацыз ҟаиҵеит. 2018 шықәсазы уадаҩрақәак иҟан, усҟангьы Биӡина Иванишвили аполитикахь дхынҳәын, ҩышықәса рышьҭахь, 2020 шықәсазы «Ақырҭуа гәахәтәы» алхрақәа рҿы еиҭах аиааира агара алшеит, усҟан аколлективтә «Амилаҭтә ҵысра» апланқәа хыбгалеит. Иахьагьы Биӡин Иванишвили ихынҳәра иабзоураны «Ақырҭуа гәахәтәы» ӷәӷәахоит, — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.