Иракли Кобахиӡе  - Антикоррупциатә биуро арҭ аиҿкаарақәа ииашаны астатус рзышьақәнаргылеит, аха, азинтә азнеишьа - акоуп, аҳәынҭқарратә хықәкы  - даҽакуп
Иракли Кобахиӡе  - Антикоррупциатә биуро арҭ аиҿкаарақәа ииашаны астатус рзышьақәнаргылеит, аха, азинтә азнеишьа - акоуп, аҳәынҭқарратә хықәкы  - даҽакуп

«Антикоррупциатә биуро алхратә хықәкқәа змоу  «Жәларбжьаратәи аартызаара  — Қырҭтәылеи» егьырҭ  аиҿкаарақәеи ииашаны астатус рзышьақәнаргылеит, аха, азинтә азнеишьа – акоуп, аҳәынҭқарратә хықәкы  – даҽакуп», — иҳәеит абрифинг аҿы Қырҭәтыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, алхрақәа раҧхьа арҭ аиҿкаарақәа абри аҩыза астатус рзышьақәыргылара иаҧсам, избанзар, уи акгьы ахылҵуам.

Иракли Кобахиӡе Антикоррупциатә биуро ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит ари апозициа иахьақәшаҳаҭхаз азыҳәан.

«Ҳазынтәгьы ибзиаӡаны иаабоит аконкреттә аиҿкаарақәа, «Жәларбжьаратәи аартызаара  – Қырҭтәылагьы», иахьа аполиткиатәи алхратәи хықәкы шрымоу. Дара алхраҧхьатәи аусхәаҧштә иадҳәаланы еилыкка аҳәамҭақәа ҟарҵеит. Дара, ишиашо алхраҧхьатәи агитациеи апропагандеи иалахәып, уи зыршаҳаҭуа афактқәа ҳамоуп. Дара уи рҵәахом. Убри аҟынтә, Антикоррупциатә биуро алхратә хықәкы змоу  «Жәларбжьаратәи аартызаара  — Қырҭтәылеи» егьырҭ  аиҿкаарақәеи ииашаны астатус рзышьақәнаргылеит, аха, азинтә азнеишьа – акоуп, аҳәынҭқарратә хықәкы  – даҽакуп.  Ҳәарада, Антикоррупциатә биуро аполитикатә органым, убри аҟынтә,  дара аус руеит азинтә критериқәа мацара рышьаҭала, ахы инаркны аҵыхәанӡа азинтә нормақәа ирықәныҟәоит. Абри аҩыза азҵаарақәа рыхәаҧшраан, ҳара, азинтә нормақәа ирываргыланы, аҳәынҭқарратә хықәкқәагьы рызҧхьагәаҭара алшара ҳамоуп.  Убри азоуп ҳара иашьашәалоу ажәалагалала Антикоррупциатә биуро ҳзадҵаалаз. Алхраҧхьатәи аамҭазы  арҭ аиҿкаарақәа абри аҩыза астатус рзышьақәыргылара иаҧсам, избанзар, уи акгьы ахылҵуам.  Акоуп уи иахылҵыр иалшо  — аконкреттә хаҿқәа аспекулиациақәа рзы аҿыҵга роуеит», – иҳәеит аҧыза-министр.