Иракли Кобахиӡе - Анапхгаратә гәыҧ аҩбатәи аҭыҧ аанызкылаз апартиа аасҭа 890 нызқь рыла иаҳа ирацәаны абыжьқәа аиуит, зынӡа арадикалтә оппозициаа раасҭа  325 нызқь рыла еиҳаны абыжьқәа амоуп
Иракли Кобахиӡе - Анапхгаратә гәыҧ аҩбатәи аҭыҧ аанызкылаз апартиа аасҭа 890 нызқь рыла иаҳа ирацәаны абыжьқәа аиуит, зынӡа арадикалтә оппозициаа раасҭа  325 нызқь рыла еиҳаны абыжьқәа амоуп

Анапхгаратә гәыҧ аҩбатәи аҭыҧ аанызкылаз апартиа аасҭа 890 нызқь рыла иаҳа ирацәаны абыжьқәа аиуит, зынӡа арадикалтә оппозициаа раасҭа  325 нызқь рыла еиҳаны абыжьқәа амоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы. 

Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, алхрақәа рылҵшәақәа аихшьаала рызуп, аҵыхәтәанынӡа ишьақәырҕәҕәоуп ҳгәыҧ аиааира ишагаз, ақырҭуа жәлар уи азыҳәан даҽазнык ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп.

“Анапхгаратә гәыҧ аҩбатәи аҭыҧ аанызкылаз апартиа аасҭа 890 нызқь рыла иаҳа ирацәаны абыжьқәа аиуит, зынӡа арадикалтә оппозициаа раасҭа  325 нызқь рыла еиҳаны абыжьқәа амоуп, уи иаанагоит ақырҭуа жәлар атәыла аҧеиҧш лаша иадгылеит ҳәа.  Иахьа арадикалтә оппозициаа рҭагылазаашьа цәгьоуп, атәыла аҕәҕәареи ахырхарҭа иашала атәыла аҿиареи еиқәыршәазарц азыҳәан, аоппозициаа  рыҧсыҽхара апроцесс нагӡахароуп”, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.