Иракли Кобахиӡе  - Анапхгаратә гәыҧ аҳәынҭқарратә интересқәеи, аҳәынҭқарратәи апарламенттәи хьыҧшымреи рыхьчоит
Иракли Кобахиӡе  - Анапхгаратә гәыҧ аҳәынҭқарратә интересқәеи, аҳәынҭқарратәи апарламенттәи хьыҧшымреи рыхьчоит

«Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Иракли Кобахиӡе асоциалтә аҳаҿы, апартиа ахантәаҩы иаҳасабала  шықәсыктәи иусура аихшьаала азиуит.

Кобахиӡе иажәақәа рыла,  аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа рҿы аиааира абзоурала,  «Ақырҭуа гәахәтәы» азакәантәра иаҳа иҕәҕәахеит.

«Иацы, ажьырныҳәа 16 рзы, шықәсык ҵит сара апартиа ахантәаҩыс сҟарҵеижьҭеи. Шықәсык аҩныҵҟала  абарҭ ақәҿиарла ҳауит: иҧсабаратәымыз аполитикатә кризис иаҧыхуп, аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа рҿы аиааирагара ала,  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахатә закәантәра иаҳа иарҕәҕәеит; атәылаҿы иаҧсоу аҧыза-министри, иаҧсоу апарламент ахантәаҩи, иаҧсоу аҳҭнықалақь ахадеи иҟоуп, анапхгаратә гәыҧ алахәылацәа зегьы  зеиҧшҟамлац ала еидгылоуп.

Арадикалтә оппозициа иҧсыҽхеит, уажәшьҭа дара аҳәынҭқарра аҕәҕәара ҧырхага азаагара рылшом; анапхгаратә гәыҧ аҳәынҭқарратә интересқәеи, аҳәынҭқарратәи апарламенттәи хьыҧшымреи рыхьчоит. Апартиа ахантәаҩы иаҳасабала абарҭ ақәҿиарақәа рҿы алагала ахьыҟасҵаз сеигәырҕьоит», — иҩит Кобахиӡе.