Иракли Кобахиӡе - Анаклиатәи абаҕәаза апроект анагӡара иазкыз жәларбжьаратәи атендер хыркәшоуп, аиааира агеит бельгиатәи аилахәыра, уи абаҕәаза аргылара иадҳәалоу аусурақәа зегьы нанагӡоит
«Анаклиатәи абаҕәаза апроект анагӡара иазкыз жәларбжьаратәи атендер хыркәшоуп, аиааира агеит бельгиатәи аилахәыра, уи абаҕәаза аргылара иадҳәалоу аусурақәа зегьы нанагӡоит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.
Иара иажәақәа рыла, ари аусхкы аҿы идуӡӡоу бельгиатәи аилахәыра Jan De Nul хара имгакәа аусурақәа рынагӡара иалагоит.
«Иҳәаақәҵоу аҿҳәарақәа ирылагӡаны Анаклиатәи апроект анагӡаразы аусура мҩаҧысуеит. Жәларбжьаратәи атендер хыркәшоуп, аиааира агеит бельгиатәи аилахәыра, уи абаҕәаза аргылара иадҳәалоу аусурақәа зегьы нанагӡоит, урҭ рыбжьара − акваториа арҵаулара иазку аусурақәагьы. Jan De Nul – ари аусхкы аҿы идуӡӡоу аилахәырақәа иреиуп, дара хара имгакәа аусура иалагоит. Анаклиатәи апроект аҿиара ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп. Ҳтәыла иамоу аимадаратә функциа иаҳа арҕәҕәареи Абжьаратә корридор аинициатива аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳфункциа алкаареи азыҳәан ари апроект аҵакы ҷыда анашьоуп. Ари апроект қәҿиарала амҩаҧгаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит“, – иҳәеит аҧыза-министр. Международный тендер по проекту Анаклии уже завершен и выбрана бельгийская компания, которая выполнит работы, непосредственно связанные со строительством порта», — заявил премьер-министр Грузии Ираклий Кобахидзе на заседании правительства.