Иракли Кобахиӡе - Анаклиа иҵаулоу абаҕәаза аргыларатә атендер аҿы китаитәи аконсорциум аиааира агарала ахәдықәҵа ҳауеит апроект зеиԥшҟалац ала иҳаракӡоу аҩаӡараҿ шынагӡахо, ари ҳара ҳзы идуӡӡоу ҭакԥхықәроуп, ҳинтересқәа ирылоуп
Китаитәи аилахәыра иадҳәаланы аспекулиациақәа рацәаӡаны ҳаҳаит. Ари идуӡӡоу китаитәи аҳәынҭқарратә еилахәыроуп, уи аԥышәара ду амоуп абри еиԥш апроектқәа рынагӡараҿы. Анаклиа иҵаулоу абаҕәазааргыларазы атендер аҿы китаитәи аконсорциум аиааира агарала ахәдықәҵа ҳауеит апроект зеиԥшҟалац ала иҳаракӡоу аҩаӡараҿ шынагӡахо, ари ҳара ҳзы идуӡӡоу ҭакԥхықәроуп, ҳинтересқәа ирылоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе ажурналистцәа данрацәажәоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, Анаклиа иҵаулоу абаҕәаза аргыларатә атендер аҿы китаитәи аконсорциум аиааира агарала ахәдықәҵа ҳауеит апроект зеиԥшҟалац ала иҳаракӡоу аҩаӡараҿ шынагӡахо.
Анаклиа иҵаулоу абаҕәаза аҿиара агентра ашҟа аҵыхәтәантәи ажәалагала ҟанаҵеит китаитәи аконсорциум мацара (China Communications Construction Company Limited(China) & China Harbour Investment Pte. Ltd (Singapore). Аконсорциум ицәырнагаз ажәалагалақәа рыхәаҧшра ашьҭахь, акомиссиа аиааирагаҩы даанарҧшуеит, анеҩс, аконцессиатә аилаӡареи апартниортә аиқәшаҳаҭреи ирызку аиҿцәажәарақәа иалагоит. Уи аинституциатә аҳәынҭқарра-хазхаҭалатәи партниорроуп, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аиҳабыра, аҳәынҭқарратә еилахәырала 51% аиуеит, хазхаҭалатәи апартниор 49% итәхоит. Апроект анагӡара аҟынтә иззыҧшу алҵшәақәа: зқьыла аусуратә ҭыҧ ҿыцқәа раҧҵара; аҭыҧантәи ауааҧсыра рсоциал-економикатә ҭагылазаашьа аиҕьтәра; Қырҭтәыла иалсны ицо атранспорттә корридор аконкуренциалшара аизырҳара; абаҕәаза иазааигәаны иҟоу ааглыхреи алогистикатә центрқәеи рҿиара.