Иракли Кобахиӡе  - "Амилаҭтә ҵысра", "Лело", Гахариа уҳәа,  апартиақәаки АИХқәаки Қырҭтәылаҿ аҧшыхәратә усура мҩаҧыргоит, дара хықәкыс ирымоуп ҳтәыла Украинас аҟаҵара, уи рзыҟаҵом
Иракли Кобахиӡе  - "Амилаҭтә ҵысра", "Лело", Гахариа уҳәа,  апартиақәаки АИХқәаки Қырҭтәылаҿ аҧшыхәратә усура мҩаҧыргоит, дара хықәкыс ирымоуп ҳтәыла Украинас аҟаҵара, уи рзыҟаҵом

«Арҭ ауаа зеиҧшроу жәбоит. Аҧшыхәцәеи агентцәеи роуп, дара хықәкык ауп ирымоу  —  Қырҭтәыла Украинас иҟарҵар рҭахуп, аха, уи рзыҟаҵом. Шәҽырҭынч», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе апарламенттә оппозициеи аиҳареи реиҿагылара данахцәажәоз.

Кобахиӡе иҳәамҭала,  Қырҭтәыла   «украинизациа» зыҟалом.

«Дара убри аныҟарҵоз Ҧарцхалаӡе дабаҟаз? Аҧшыхәцәа роуп.  “Амилаҭтә ҵысра”, “Лело”, Гахариа уҳәа,  апартиақәаки АИХқәаки  Қырҭтәылаҿ аҧшыхәратә усура мҩаҧыргоит. Дара хықәкыс ирымоу ҳтәыла Украинас аҟаҵара, уи рзыҟаҵом. Шәызынтәгьы ишәыбжьазгоит абарҭ ихьанҭаӡоу адҵақәа мап рцәышәкырц. Қырҭтәыла украинизациа зыҟалом», — иҳәеит  Кобахиӡе.