Иракли Кобахиӡе Амилаҭ-демократиатә институт  (NDI) Қырҭтәылатәи аофис адиректори  NDI анаҧшратә миссиа ахаҭарнакцәеи дырҧылеит 
Иракли Кобахиӡе Амилаҭ-демократиатә институт  (NDI) Қырҭтәылатәи аофис адиректори  NDI анаҧшратә миссиа ахаҭарнакцәеи дырҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Амилаҭ-демократиатә институт  (NDI) Қырҭтәылатәи аофис адиректор Алан Гилами  NDI алхратә анаҧшратә миссиа ахаҭарнакцәеи дырҧылеит.

Аиҧылараҿы сынтәатәи апарламенттә алхрақәеи алхраҧхьатәи алагылазаареи иалацәажәеит. Хшыҩзышьҭра азун алхратә закәанҧҵара ҿыц. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, аҭоурыхаҿ раҧхьаӡа акәны, алхыҩцәа  90 наӡына иреиҳаны, арегистрациа иахысны, абжьыҭиар рҽаладырхәоит  аелектронтә технологиақәа рхархәарала, абри аметод ала иҧхьаӡахоит алхрақәа рылҵшәақәагьы. Убри аҟынтә, алхратә процессаҿ зеиҧшҟамлац ала агхақәа маҷхоит, уи иреиҳаӡоу аҩаӡараҟны алхрақәа рымҩаҧгара иацхраауеит.

Иара убас, аиҧылара алахәылацәа, жәларбжьаратәи анаҧшратә миссиақәа рроли атәылаҿ аполитикатә ҭагылазаашьеи иалацәажәеит.

Иракли Кобахиӡе иажәақәа рыла, сынтәатәи алхрақәагьы зхы иақәиҭу, ииашоу алагылазаараҿ имҩаҧгахоит, алхратә процесс аартызаара еиқәыршәазаауеит.  Убри азыҳәан, алхрақәа рыцклаҧшразы, атәылашҟа иаарыҧхьеит жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа ирыҵанакәа аамҭакьаҿлатәи акыраамҭалатәи амиссиақәа.

Аиҳабыра рнапхгаҩы даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит алхраҧхьатәи акампаниа ҭынч амҩаҧгара амзызла, атәыла аиҳабыра, атәылаҿ аполитикатә полиаризациа аиҵатәра ишазыхиоу.