Иракли Кобахиӡе - Америкеи, Евроеидгылеи, Евроеидгыла иалоу атәылақәеи рыцҳаражәҳәаҩцәа ирыдазгалоит „Атәым анырра аартызаара иазку“ азакәанпроект иадҳәаланы иаарту адискуссиа амҩаҧгара
Америкеи, Евроеидгылеи, Евроеидгыла иалоу атәылақәеи рыцҳаражәҳәаҩцәа ирыдазгалоит „Атәым анырра аартызаара иазку“ азакәанпроект иадҳәаланы иаарту адискуссиа амҩаҧгара, – иануп Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы.
Кобахиӡе иажәақәа рыла, иара агәра ганы дыҟоуп „анапхгара алидерцәеи ацҳаражәҳәаҩцәеи рыбжьара атематикатә дискуссиа ишиашо аефирла аужьҭра абзоурала, ауааҧсыра азакәанпроект аҵаки атәыла ахьыҧшымра ахьчаразы ари азакәанпроект адкылара ахымҧадареи иаҳа ишеилыркаауа“.
„Қырҭтәыла апартниор тәылақәа рҟны аизыҟазаашьақәа иреиҷаҳауеит. Ҳтәыла адәныҟатәи аполитикаҿы ахадаратә ҧыжәара – Евроеидгылашҟа аинтеграциа иазҧхьагәаҭаны, Америкеи, Евроеидгылеи, Евроеидгыла иалоу атәылақәеи рыцҳаражәҳәаҩцәа аус рыцуреи ргәаанагара аилкаареи ҳара ҳзы аҵакы ҷыда амоуп. Қырҭтәыла жәларбжьаратәи позициақәа рырҕәҕәара амзызла ацҳаражәҳәаҩцәа иҟарҵо адгыларатә шьаҿақәеи аҳәамҭақәеи рыхә ҳшьоит, дара рыбжьагарақәа ҳаҧхьаҟагьы хшыҩзышьҭра ду рзаауеит.
Агәра ганы сыҟоуп „анапхгара алидерцәеи ацҳаражәҳәаҩцәеи рыбжьара атематикатә дискуссиа ишиашо аефирла аужьҭра абзоурала, ауааҧсыра азакәанпроект аҵаки атәыла ахьыҧшымра ахьчаразы ари азакәанпроект адкылара ахымҧадареи иаҳа ишеилыркаауа“,- иануп Иракли Кобахиӡе иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы.