Иракли Кобахиӡе амедицинатә бизнес ахаҭарнакцәа дырԥылеит
Иракли Кобахиӡе амедицинатә бизнес ахаҭарнакцәа дырԥылеит

Аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе амедицинатә бизнес ахаҭарнакцәа дырԥылеит.

Аиԥылараҿ ирыхәаԥшит агоспиталтәи афармацевттәи индустриа азҵаарақәа.

Аиԥылараҿ ишазгәаҭаз, аҳәынҭқарразы ихадоу априоритетуп апациентцәа ринтересқәа рыхьчара, хшыҩзышьҭра азуун асектор аҿы иҟоу ауадаҩрақәа рҭыԥқәҵареи. Агәабзиарахьчара ахырхарҭаҿ иҟоу азҵаарақәа дрыхцәажәеит Қырҭтәыла абизнесеиҿкаарақәа рхада Сосо Ԥхакаӡе.

Аиԥылара рхы аладырхәит Қырҭтәылa Импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи, aсоциaлтә хьчaреи рминистр Михеил Сарџьвелаӡеи аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании.