Иракли Кобахиӡе - Алхрақәа рҟынӡа нанҳәатәи аибашьра атема сахцәажәом, алхрақәа рҿы ажәлар "Амилаҭтә ҵысра" иақәнаго даҽазнык иақәдыршәааит
Ҳара ақырҭуа ар апозициа, аҳаҭыр ҳахьчеит, ақырҭуа аруаа раҳаҭыр аларҟәра зин аӡәӷьы иаҳҭом, “Амилаҭтә ҵысра” ақырҭуа аруаа аҭыԥ змамыз арратә ацәгьоура ирхарадырҵеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ажурналистцәа данрацәажәоз.
Иракли Кобахиӡе иажәақәа рыла, нанҳәатәи аибашьра иазкны аӡбарҭатә процесс анымҩаԥысуа аамҭазы, “Амилаҭтә ҵысра” анапхгараҿ иҟазҭгьы, даҽа лҵшәа иҟазаарын.
„Ахадара дузмоу аӡбарҭтә ҩпроцесс аҿы аиааира ҳгеит: Гаагеи Страсбурги рҟны. Ҳара ақырҭуа ар апозициа, аҳаҭыр ҳахьчеит, ақырҭуа аруаа раҳаҭыр аларҟәра зин аӡәӷьы иаҳҭом, “Амилаҭтә ҵысра” ақырҭуа аруаа аҭыԥ змамыз арратә ацәгьоура ирхарадырҵеит“, – иҳәеит Кобахиӡе.
Аԥыза-министр ишазгәеиҭаз ала, алхрақәа рҟынӡа нанҳәатәи аибашьра атема дахцәажәом.
“Алхрақәа рҿы ажәлар “Амилаҭтә ҵысра” иақәнаго даҽазнык ақәдыршәааит”, -иҳәеит Иракли Кобахиӡе.