Иракли Кобахиӡе - Алхрақәа реиҭамҩаҧгара ҳагьалацәажәом, ақырҭуа жәлар еилыкка ргәазыҳәара аадырҧшит, ҳара аҩбатәи аҭыҧ згаз апартиа аасҭа хәынтә еиҳаны абыжьқәа ҳауит
Алхрақәа реиҭамҩаҧгара ҳагьалацәажәом, ақырҭуа жәлар еилыкка ргәазыҳәара аадырҧшит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ажурналистцәа данрацәажәоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, алхрақәа раан анапхгаратә гәыҧ аҩбатәи аҭыҧ згаз апартиа аасҭа хәынтә еиҳаны абыжьқәа роуит, убри аҟынтә, алхрақәа реиҭамҩаҧгара иагьалацәажәом.
„Алхрақәа реиҭамҩаҧгара ҳәа шәызлацәажәо закәызеи, алхрақәа ииашаны имҩаҧган, ақырҭуа жәлар еилыкка рпозициа аадырҧшит. Ҳара аҧыжәара ду ала алхрақәа рҿы аиааира ҳгеит. Аҩбатәи аҭыҧ згаз апартиа аасҭа хәынтә еиҳаны абыжьқәа ҳауит, нас, шәызлацәажәо закәызеи. Евроеидгыла апозициа уамашәа избом. Ақырҭуа жәлар ргәазыҳәара аадырҧшхьеит“, – иҳәеит аҧыза-министр.
„Арадио Ахақәиҭра“ европатәи абиуро адиректор Рикард Иозвак истатиаҿы ишиҩыз ала, „2024 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа аханатә рымҩаҧгара иадҳәаланы Евроеидгыла, еиқәшаҳаҭны Қырҭтәыла иақәыҕәҕәом“.