Иракли Кобахиӡе  - Алхрақәа ицқьаны, ииашаны имҩаҧган, Алхратә комиссиа хада аартызаарагьы уи шьақәнарҕәҕәоит, апрокуратурагьы ҳаҭабууп, дара зыҧшра ҟамҵакәа ааҧхьара иақәҿырҭит
Иракли Кобахиӡе  - Алхрақәа ицқьаны, ииашаны имҩаҧган, Алхратә комиссиа хада аартызаарагьы уи шьақәнарҕәҕәоит, апрокуратурагьы ҳаҭабууп, дара зыҧшра ҟамҵакәа ааҧхьара иақәҿырҭит

«Алхрақәа ицқьаны, ииашаны имҩаҧган, убри аҟынтә,  апроцессқәа раартызаара аганахьала изакәызаалак проблемак иҟам», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аусеицура алагара иазкны ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Алхратә комиссиа хада аартызаарагьы аанарҧшуеит апроцессқәа зегьы ииашаны ишымҩаҧгаз.

«Ҳтәылаҿы алхрақәа  ицқьаны, иишаны, адемократиатә принципқәа рыла имҩаҧган, Алхратә комиссиа хада аартызаарагьы уи шьақәнарҕәҕәоит. Иара убас, апрокуратурагьы ҳаҭабууп, дара Алхратә комиссиа хада иҟанаҵаз ааҧхьара зыҧшра ҟамҵакәа иақәҿырҭит. Апроцессқәа зегьы иаартны имҩаҧысуеит. Алхрақәа иаартны, ииашаны имҩаҧган, аконкуренциа иҟан, убри аҟынтә, апроцессқәа раартызаара аганахьала изакәызаалак проблемак ҟалом. Мраҭашәаратә политикцәа иҟарҵаз ааҧхьарақәа иазҧхьагәаҭатәуп, дара аилагарақәа зегьы рыҭҵаара иаҳәоит, ари аганахьала ари аинициатива аҵакы ду амоуп», — иҳәеит аҧыза-министр.