Иракли Кобахиӡе алхрақәа ирыцклаҧшуа OSСE Адемократиатә институти Ауаҩытәыҩса изинқәа рофиси (ODIHR) анаҧшратә миссиа ахаҭарнакцәа дырҧылеит 
Иракли Кобахиӡе алхрақәа ирыцклаҧшуа OSСE Адемократиатә институти Ауаҩытәыҩса изинқәа рофиси (ODIHR) анаҧшратә миссиа ахаҭарнакцәа дырҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе алхрақәа ирыцклаҧшуа OSСE Адемократиатә институти Ауаҩытәыҩса изинқәа рофиси (ODIHR) анаҧшратә миссиа ахаҭарнакцәа дырҧылеит. 

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараан аганқаә рхаҭарнакцәа жьҭаара 26 рзы имҩаҧысраны иҟоу апарламенттә алхрақәа ирылацәажәеит. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, атәыла анапхгара, ҧасатәи ашықәсқәа рзы еиҧшҵәҟьа, уажәгьы зхы иақәиҭу, ииашоу алхрақәа рымҩаҧгара иазыхиоуп. Убри азыҳәан, алхрақәа рыцклаҧшразы атәылашҟа иаарыҧхьеит иакымкәа зыхьӡ дуу жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа, аамҭакьаҿлатәи, иара убас, акыраамҭалатәи амиссиақәа рыла. Иракли Кобахиӡе даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит атәыла анапхгара жәларбжьаратәи анаҧшцәа иаартны, активла аус рыцура ишазыхиоу.  

Аиҧылара алахәылацәа алхраҧхьатәи алагылазаарагьы иалацәажәеит. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, алхраҧхьатәи алагылазаара ахы иақәиҭуп, аконкуренциа еиқәыршәоуп, уи шьақәырҕәҕәоуп OSСE/ODIHR ала ицәыргаз аихшьаала алагьы.  

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, аоппозициаа уажәгьы аполитикатә процессқәа ррадикализациа иазҿлымҳауп, аха, уезгьы, алхратә процессқәа зегьы ишахәҭоу еиҧш имҩаҧысуеит, ҧасатәи алхрақәа зегьы ирҿоурҧшыр, уажәтәи алхратә процесс зегьы реиҳа иҭынчу аҭагылазаашьаҿы имҩаҧысуеит. 

Аҧыза-министр жәларбжьаратәи анаҧшратә миссиақәа робиективтә ахәшьара аҵакы азгәаҭаны, ишиҳәаз ала, жьҭаара 26 рзы ииашоу, зхы иақәиҭу, аконкуренциатә алхрақәа ҭынч рымҩаҧгара амзызла, атәыла анапхгара жәларбжьаратәи анаҧшцәа активла аус рыцыруеит.