Иракли Кобахиӡе - Аиҿцәажәақәа раартра рҭахызар, аишәа иқәырҵааит, снапы иахьаҵәҟьа иаҵазҩуеит, ԥшьышықәса ирылагӡаны ҳара ари азҵаара иқәҳаргылом, ашантаж алшара аӡәгьы иаҳҭом
Иракли Кобахиӡе - Аиҿцәажәақәа раартра рҭахызар, аишәа иқәырҵааит, снапы иахьаҵәҟьа иаҵазҩуеит, ԥшьышықәса ирылагӡаны ҳара ари азҵаара иқәҳаргылом, ашантаж алшара аӡәгьы иаҳҭом

Аиҿцәажәақәа раартра иазку ашантаж хыркәшароуп,  аиҿцәажәақәа раартра рҭахызар, аишәа ақәырҵааит, снапы иахьаҵәҟьа аҵазҩуеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе абрифинг аҿы.

„Ԥшьышықәса ирылагӡаны ҳара ари азҵаара иқәҳаргылом, ашантаж алшара аӡәгьы иаҳҭом. Атәылаҿ зегь реиҳа аҭынчра ашьақәыргылара анаҳҭахыз аамҭазы, акатастрофа ҳақәдыршәиет. Украина аибашьра ианалага аамҭазы. Усҟан ҳтәыла ашантаж азура иалагеит акандидат статус аҭарала, ари ҩышықәса нагӡон. 2022 шықәса жәабран инаркны 2023 шықәса ԥхынҷкәын аҟынӡа. Акандидат статус анҳанаршьа ашьҭахь, ашантаж иалагеит аиҿцәажәарақәа раартра атемала. Аиҿцәажәақәа раартра рҭахызар, аишәа ақәырҵааит, снапы иахьаҵәҟьа аҵазҩуеит, ԥшьышықәса ирылагӡаны ҳара ари азҵаара иқәҳаргылом, ашантаж алшара аӡәгьы иаҳҭом“, –иҳәеит Кобахиӡе.