Иракли  Кобахиӡе  - Аиҳабыра раҳасабала, ҳара, иааҧҵәаны,  европатәи ахырхарҭа ҳадгылоит, уи ауслагьы ишьақәҳарҕәҕәеит, ҳаҧхьаҟа, Қырҭтәыла Евроеидгыла иалаларц азыҳәан иаҭаху  зегьы ҟаҳҵоит   
Иракли  Кобахиӡе  - Аиҳабыра раҳасабала, ҳара, иааҧҵәаны,  европатәи ахырхарҭа ҳадгылоит, уи ауслагьы ишьақәҳарҕәҕәеит, ҳаҧхьаҟа, Қырҭтәыла Евроеидгыла иалаларц азыҳәан иаҭаху  зегьы ҟаҳҵоит   

«Аиҳабыра раҳасабала, ҳара, иааҧҵәаны,  европатәи ахырхарҭа ҳадгылоит, уи ауслагьы ишьақәҳарҕәҕәеит. Ҳара, аконкреттә шьаҿақәа рыла, Қырҭтәыла Евроеидгыла иазааигәахарц иҟаҳҵеит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли  Кобахиӡе  Euronews аинтервиу аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, наҟ-наҟ атәыла аиҳабыра иаҭаху зегьы ҟарҵоит Қырҭтәыла Евроеидгыла иалаларц азыҳәан,  убри аҟынтә, аоппозициаа ари азҵаараҿы аманипулиациақәа рыҟаҵара рыхәҭам.

«Аоппозициаа ари азҵаараҿы аманипулиациақәа рыҟаҵара рыхәҭам. Уи дара ргәазыҳәароуп, дара русуроуп, уи адемократиа хәҭак ауп.  Наҟ-наҟ ҳара  иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит Қырҭтәыла Евроеидгыла иалаларц азыҳәан», — иҳәеит аҧыза-министр.

Аҧыза-министр иинтервиу аефирахь иҭыҵуеит иахьа асааҭ  23:00 рзы.