Иракли Кобахиӡе - Аиашаӡбара иақәныҟәо, ауаҩы изинқәеи ихақәиҭрақәеи рыхьчара еиқәзыршәо аӡбаҩцәа зегьы, ҳаҭыр дула, рзанааҭтә амш рыдысныҳәалоит
Иракли Кобахиӡе - Аиашаӡбара иақәныҟәо, ауаҩы изинқәеи ихақәиҭрақәеи рыхьчара еиқәзыршәо аӡбаҩцәа зегьы, ҳаҭыр дула, рзанааҭтә амш рыдысныҳәалоит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ақырҭуа аӡбаҩцәа рзанааҭтә амш рыдиныҳәалеит.

«Аиашареи азакәан ахадареи ҳуааҧсыра рзы ахадаратә ҵакы змоу принципқәа роуп; ихьыҧшым аӡбаратә мчра ҕәҕәа иҟамкәа, аҳәынҭқарра адемократиатә аҿиара зыҟалом.

Ҳаиҳабыра аӡбара арҕәҕәара ахырхарҭала акрызҵазкәа ашьаҿақәа ҟарҵеит. Аӡбара ахьыҧшымреи ажәлар рҿаҧхьа аҳасабырбареи  иаҳа иҕәҕәахеит,  аиашаӡбара ахаҭабзиара еиҕьхеит. Абри зегьы абзоурала, иахьатәи аӡбаратә система ҧасатәи арежим рхаан иҟаз асистема зынӡаскгьы еиҧшым; ҳуааҧсыра аӡбара иашаҵәҟьа ахархәара азин роуит. .

Есымша, аӡәы ихьыҧшымкәа аӡбарақәа здызкыло, апринциптә ҟазшьа змоу, ииашоу, зквалификациа ҳараку, ихьыҧшым аӡбаҩцәа роуп абри апрогресси асистематә реформақәеи зыбзоуроу.

Аӡбаҩ иоуп аиашаӡбаратә система шьаҭас иамоу ахьыҧшымра   еиқәзыршәо. Есымша имҩаҧыжәго аусура, шәара есымша ииашаны  ишәыдышәкыло ақәҵарақәа рыбзоурала,  азинтә ҳәынҭқарра аҟазааразы хымҧада иаҭаху ажәлар рыгәрагара шәымоуп. Агәра ганы сыҟоуп шәара шәыбзоурала ҳтәылаҿы аӡбаратә система иаҳа ишыҕәҕәахо.

Апрофессионализми апатриотизми рзы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит, аҭакҧхықәра ду зцу шәусураҿы ақәҿиарақәа шәзеиҕьасшьоит», — иҳәеит аҧыза-министр.