Иракли Кобахиӡе - Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура агәҽанызаара амоуп, арҭ алхрақәа иҽеим анырра рыҭара аӡәгьы илымшарц азыҳәан хшыҩзышьҭра ду аҭахуп
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа ҳуааҧсыра иаҳа ргәы рҽанызарц азыҳәан зҵакы дуу аинформациа рырҭеит, уи азыҳәан ҭабуп ҳәа расҳәоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аинформациа ҧаршеи аларҵәара иадҳәаланы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура иҟанаҵаз аҳәамҭа иазкны ажурналистцәа ианиазҵаа.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, аҳәамҭаҿы ҳтәыла бзиарак азеиҕьазымшьо аполитикатә мчқәа, арадикалтә оппозициеи атәым рыҧшәмацәеи рыӡбахәы ҳәоуп.
„ Аҳәамҭаҿы ҳтәыла бзиарак азеиҕьазымшьо аполитикатә мчқәа, атәыла аҩныҵҟа иҟоу арадикалтә оппозициеи аҳәаанырцә иҟоу атәым рыҧшәмацәеи рыӡбахәы ҳәоуп. Абри аҩыза афактқәа алхрақәа рылҵшәақәа рзы анырра роуам ҳәа сгәы иаанагоит. Аха, ҳҳәынҭқарратә усбарҭақәа, лымкаала, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура агәҽанызаара ахьамоу бзиоуп. Арҭ алхрақәа иҽеим анырра рыҭара аӡәгьы илымшарц азыҳәан хшыҩзышьҭра ду аҭахуп. Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа ҳуааҧсыра иаҳа ргәы рҽанызарц азыҳәан зҵакы дуу аинформациа рырҭеит, убри азыҳәан ҭабуп ҳәа расҳәоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе.