Иракли Кобахиӡе – Аҳәынҭқарра иҳракӡоу аҩаӡараҟны игылоуп, атәылаҿ аилаҩынтәра аиҿкаара аӡәгьы алшара иаҳҭом
Гиви Ҭаргамаӡе имашьына ҧыржәеит 2016 шықәсатәи алхрақәа рҟнынӡа мышқәак шагыз, насыҧла иара деиқәхеит, абри ихьанҭаӡоу афакт алхрақәа рылҵшәақәа рзы анырра иазкызар ҟаларын. Абри ацәгьаураҿы Михаил Саакашвилии Гиа Лордқьиҧаниӡеи рышьаҭа аарҧшуп, ари аус шьаҭанкыла иҭҵаатәуп, – иҳәеит „Ақырҭуа гәахәтәы“ алхратә штаб анапхгаҩы, аҧыза-министр Иракли Каобахиӡе апартиа аофис хадаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.
Иракли Кобахиӡе Гиви Ҭаргамаӡе ишьра аҽазкра аус иадҳәаланы иацы Қырҭтәыла Апрокуратураҿ имҩаҧгаз абрифинг дахцәажәеит.
„Ахара зду Дарчо Хечуашвили иҿахәы аҿы ишьақәирҕәҕәеит 2016 шықәсазы Гиви Ҭаргамаӡе ицклаҧшразы Михаил Саакашвилии Гиа Лордқьиҧаниӡеи рҟынтә адҵа шиоуз. Ишыжәдыруа еиҧш, Гиви Ҭаргамаӡе имашьына ҧыржәеит 2016 шықәсатәи алхрақәа рҟнынӡа мышқәак шагыз, насыҧла иара деиқәхеит, абри ихьанҭаӡоу афакт алхрақәа рылҵшәақәа рзы анырра иазкызар ҟаларын. Абри ацәгьаураҿы Михаил Саакашвилии Гиа Лордқьиҧаниӡеи рышьаҭа аарҧшуп, ари аус шьаҭанкыла иҭҵаатәуп.
2016 шықәсазы алхрақәа раҧхьа ихьанҭаӡоу апровокациа аҟаҵаразы ахара зду, Қырҭтәылаҿ 18 шықәса аҭакра зқәырҵаз ауаҩы жьҭаара 26 рзы имҩаҧысраны иҟоу апарламенттә алхрақәа рҟнынӡа аҳәаа иаҵәа дахысны, закәандарала Қырҭтәылаҟа дааир иҭахын, уи џьоушьаратәы иҟоуп. Ауаҩы абри аҩыза ашьаҿа ҟаиҵар илшоит ашантаж ма абри аҩызаҵәҟьа адҵа анагӡаразы“, – иҳәеит Кобахиӡе.
Иара иажәақәа рыла, арадикалтә оппозициаа ибзиаӡаны ирдыруеит апартиатә реитингқәа зеиҧшроу.
„Зегьы ибзианы ирдыруеит „Ақырҭуа гәахәтәы“ 60 наӡына ареитинг шамоу, аколлективтә „Амилаҭтә ҵысра“ даҽазнык иаҵахоит. Убари аҟынтә, рпартиатә офисқәа рҿы, алхрақәа рылҵшәақәа рыҧсахразы иааҟәымҵӡакәа апровокациақәа ирылацәажәоит.
Абри зегьы иазҧхьагәаҭаны, азинхьчаратә усбарҭақәа зегьы анеҩстәи ҩымчыбжь ирылагӡаны ҷыдала ргәы рҽанызарц ҳрыҳәоит, хшыҩзышьҭра ҷыдала апровокациақәа раҧыхра ахырхарҭала аус рурц.
Зегьы ижәбоит алхраҧхьатәи акампаниа ҭынч ишымҩаҧысуа. Аконкуренциа иҟоуп. Зхы иақәиҭу алагылазаара еиқәыршәоуп. Арадикалтә оппозициа аиааиразы шанскгьы рымам, убри аҟынтә, уажәы апровокациақәа ирызхәыцуеит.
Аҳәынҭқарра иҳакӡоу аҩаӡараҟны игылоуп, атәылаҿ аилаҩынтәра аиҿкаара аӡәгьы алшара иаҳҭом. Анапхгаратә гәыҧ иаҭаху зегьы ҟарҵоит алхратә процесс ҭынч имҩаҧгазарц, жьҭаара 26 рзы ҳуааҧсыра, ҭынч алхра аҟаҵара рылшарц.
Арадикалтә оппозициаа рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит апровокациақәа реиҿкаара иаҟәыҵырц. Иарбанзаалак провокациак аҳәынҭқарра аҟынтә иахәҭоу аҭак аиуеит“, – иҳәеит Кобахиӡе.